Апрокуратура хада аҳәынҭеилакы "Аԥсныбылтәы" агәаҭара мҩаԥнагоит

© SputnikАпрокуратура хада
Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭеилакы аҳасабырбатә експертиза агәаҭара мҩаԥгахоит Урыстәыла аҵакыраҿы иҟоу аексперттә усбарҭа.

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә Усбарҭа ареспублика Ахылаԥшратә палата аҟынтәи иааз ашәҟәқәа инарықәыршәаны аҳәынҭеилакы "Аԥсныбылтәы" афинанс-нхамҩатә усура агәаҭара мҩаԥнагоит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Бганба аҳәынҭнаплакқәа рҟны аинвентаризациа ҟарҵарц рыдиҵеит - Sputnik Аҧсны
Бганба аҳәынҭнаплакқәа рҟны аинвентаризациа ҟарҵарц рыдиҵеит

Агәаҭара азырхоуп амаҵзуратә хаҿқәа аԥара ртәыртәу иртәырымтәу ашьақәыргылара.

"Агәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳасабеилыргаратә експертиза мҩаԥгахоит. Аҳәынҭеилакы аҳасабырбатә експертиза агәаҭара мҩаԥгахоит Урыстәыла аҵакыраҿы иҟоу аексперттә усбарҭа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аекспертиза хара имгакәа ихыркәшахоит. Абри ашьҭахь иӡбахоит ашьаус ахацыркра азҵаара.

2018 шықәса рзы Ахылаԥшратә палата аҳәамҭала "Аԥсныбылтәы" аҟны 74 миллион мааҭ бжьаӡны иҟан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0