Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Аҳəаанырцə инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтə ԥсадгьыл гəыла-ԥсыла ишадҳəалоу, гəыҵхас ишрымоу, насгьы изланхо рыуаажəлар рҟны рмилаҭтə хеиқəырхара рыҽшазыршəо агəра удыргоит дара рыхшыҩзцарақəа, реиҭаҳəамҭақəа. Атəым дгьыл аҿы еиҳагьы ихьаауп Аԥсадгьыл уанаҟəыҭхоу, уи аҵакы анырра ӷəӷəа унаҭоит. Забацəа, забдуцəа атəым тəылаҟа ихырҵəаз, уа иахьнеизгьы хыԥсыра баны ахеиқəырхара зылзыршаз ҳауаажəлар рхылҵшьҭрақəа, маҷ-маҷ акəзаргьы, рџьынџьдгьыл иазыхынҳəуеит, имаацгьы рыԥсадгьыл знык иадамхаргьы лабҿаба абара иазгəышьуеит.
Аԥсны ԥшӡа зыԥхыӡ хаа иалоу Ҭырқəтəыла инхо ҳџьынџьуаҩ Орҳан Хəырхəмал хылҵшьҭрала Ҵабалтəуп. Аԥснынтə зҭаацəа ирыцны ихырҵəаз иабду ҩышықəса заҵəык ракəын ихыҵуаз атəым дгьыл данықəнагалаз. Данеизҳа инаркны акыр амыҟəмабарақəа ихигеит, деизҳаит, аҭаацəара аԥиҵеит, ихылҵ ҟалеит, аха гəынхəҵысҭала иидыруаз иԥсадгьыл ахьаагара мцаны ишицраз идунеи иԥсахит.
"Раԥхьа Болгариа Варнаҟа иагеит Хəырхəмалаа сабшьҭра, уа ҩышықəса иҟан. Ашьҭахь ҳабдуцəа Ҭырқəтəылаҟа иааит, Сақариа ақалақь Беинуҭ ҳəа иахьшьҭоу аҭыԥ аҟны анхара иалагеит, Хəырхəмалаа ҳқыҭагьы уи ауп. Ҩышықəса зхыҵуаны Аԥснынтə иааргаз сабду Илиас ихьӡын, аарлаҳəа дысгəалашəоит. Араҟа усҟан имҩасуаз аибашьраҟны ишьапы ицəыӡит, аррамаҵзураҟны жəашықəса инарзынаԥшуа дыҟан, Ҳəатышь Озҳан ҳəа дыҟан, сабдуи иареи аҭырқəа иҳəааҟны арра еицырхыргеит", - ҳəа азгəеиҭеит Орҳан Хəырхəмал.
Зыӡбахə сымоу Орҳан Хəырхəмал Ҭырқəтəыла аԥсуаа реизараҿы раԥхьаӡа акəны дызбеит шықəсқəак раԥхьа. Иахьа уажəраанӡа исхамшҭуа сгəалашəараҿы иаанхеит иара иқəгылара, иҟаиҵаз ажəахə. Аԥсышəала ицəажəашьҭыбжь ансаҳа, акыр иааџьасшьеит, убриаҟара ицқьан ииҳəоз аԥсшəа, убриаҟара иҵаулан ихшыҩҵак, еиҳаракгьы ахҵəара иақəшəаз ҳауаажəлар ирхыргаз агəаҟрақəеи ахеиқəырхареи ракəын изызкыз.
"Ҳаиҳабацəа рыла Аԥсны иадҳəалоу аҭоурых маҷны иаҳдыруеит, дара уамак иагьалацəажəомызт уи аӡбахə, аиашазы. Сара изласаҳахьоу ала, сабду иашьеиҳаб Ҭырқəтəылантəи Аԥсныҟа дхынҳəит, ара даанымгылаӡеит. Аԥсны саннеи, даара сашьҭалеит еилыскаарц сабшьҭра аӡбахə, аха аҵыхəтəанӡа инагӡаны иаҳзышьақəмыргылеит. Аԥсны иҟаз сабду иашьцəа Ҳасани Шəлимани рыхьӡын, ус сабду иҳəалон", - иҳəеит Орҳан Хəырхəмал ҳаиҿцəажəараҟны.
Аҭоурых иаҵаҵəаху иаартым амаӡақəа аамҭақəа иԥхьаркуеит. Аха, издыруада, мышкызны аиаша ахы цəырнагар? Жəларык рхьаа, жəларык рлахьынҵа ус баша ашьҭамҭа арӡрым, агəыӷреи аԥсҭазаареи ирхылҿиаауа ахҭысқəа рацəахап, иацтəи амш уаҵəтəи аԥеиԥш аҽаԥнашьып.
"Сабду жəшықəса шысхыҵуаз иԥсҭазаара далҵит. Ихаҿсахьа уажəы схахьы ианаазго, исгəалашəоит шаҟа хəыцрала иҭəыз иблақəа, усҟан урҭқəа еилсырго сыҟамызт. "Аамҭак шԥаҟамлари, Аԥсадгьыл ахь ҳхынҳəыртə еиԥш", - ҳəа лассы-лассы иҳəалон сабду, уи бзианы игəныскылеит. Агəыӷра шрымаз иԥсгəышьеит ҳабдуцəа. Сан Габлиаԥҳан, Аиҭан лыхьӡын, уи лан Џьударԥҳан (Кəарцхьиа), саб иан Бганԥҳан, Наадида лыхьӡын. Сандуцəа, сабдуцəа сырхаануп, Аԥсны ахьӡ рҳəон аҟароуп, иацəшəозар акəхарын алацəажəара, уи аҩыза аҭагылазаашьа иҭагылан, ргəы былгəышьон", - дҳацəажəон Орҳан Хəырхəмал.
Орҳан Хəырхəмал иабду ԥшьҩык ахшара иман, урҭ ирхылҵыз иахьа Ҭырқəтəыла инхо Хəырхəмалаа маҷҩым, рабиԥара аизҳазыӷьара амҩа иануп. Аԥснытəи рашьцəеи дареи еимадоуп, еиҭанеиааиуеит.
"Аԥсуа леишəа, аԥсуа чеиџьыка уахьыҟазаалак уеиқəнархоит. Ҳара ҳабдуцəа рхеиқəырхаразы Ҭырқəтəыла ақыҭақəа рышҟа ицаны, аԥсабара аиаҵəара ахьыҟаз, Аԥсны аҭыԥқəа иреиԥшыз аҟны анхара иалагеит, абнара ахьыҟамыз, аҵлақəа ахьыҟамыз анхара рҭахымхаӡеит. Аекономика, акультура аганахьала хəарҭара алаӡамызт, аха ахыхьчаразы ибзиан. Ҳабызшəа ҳҵо ҳалагеит ҳандуцəа, ҳабдуцəа рҟынтə, ирҿаҳҵааз ҳқьабзқəа ҳхамшҭӡеит. Анаҩс, ашықəсқəа акры анҵы, ақалақьқəа рахь ҳалбаауа ҳалагеит, аҿаргьы аҵарахьы рхы кыдырҵеит", - иҳəеит Орҳан Хəырхəмал.
Заԥсуара згəыҵаҳəҳəа зыблаҷыц еиԥш иахӡыӡаауа атəымдгьыл аҿы иныҟəызго ҳџьынџьуа акыр ирхьаауп Аԥсны иахьаҟəыҭхоу, иаԥсыуаны Анцəа иахьишаз еигəырӷьоит, аха рыԥсадгьыл аҟны инхартə еиԥш аҭагылазаашьа ахьрымам ихьааргоит, ирҭахуп аҿар рыҩныҟаҵəҟьа Аԥсныҟа амҩа ылырхырц. Реиҳабацəа акыр аџьабаа баны атəымџьара анхара рылшазар, аԥсуа Аԥсны гəыблыла дшаднакыло агəра ргоит.
"Аԥсуараҿы аԥхьа игылоуп аԥхашьара, аламыс умазароуп. Аиҳаби аиҵби реизыҟазаашьа хазуп, аиҳаби аиҵби еидтəаланы еицəажəаӡом. Аха, аҭагылазаашьа зеиԥшроу азгəаҭаны, аиҳаби аиҵби еидтəаланы реицəажəара алыршатəуп. Аиҳабы иажəа аиҵбы изы ихшыҩрҵагазароуп. Аԥсуаа еснагь аиҳабацəа бзиақəа ҳамоуп, урҭ роуп иахьа ҳҿахəы ҳҳəартə ҳҟазҵазгьы. Аԥхашьара ахьаҭаху иӷəӷəаны иукызароуп, ҳҿар еиҵаҳааӡароуп, абааԥсы. Аамҭа ԥхьаҟа ицоит, адунеи даҽа блак ахалеит, уи ҳарҭгьы ҳхы ақəҳаршəароуп", - игəҭахəыцрақəа ҳацеиҩишон Орҳан Хəырхəмал.
Орҳан Хəырхəмал акыр дрызгəыдууп изызҳауа аҿар, хымԥада иҭахуп рыԥсадгьыл ахь игоу амҩа ианыларц, игəы иалоуп урҭ рыбжьара ахатəы бызшəа аԥсыҽхара иахьаҿу. Амилаҭ милаҭк аҳасабала еиқəзырхо абызшəа ауп, убри аҟынтə ари ахырхарҭала имҩаԥгатəу аусқəа акыр ирацəоуп, наҟ-ааҟгьы ҳнапқəа еиԥаҳшьроуп, ҳахшыҩқəа еилаҳҵароуп.
Орҳан Хəырхəмал иԥа Уур атуризм аганахьала иреиҳау аҵараиурҭа далгахьеит, иара убри ахырхарҭала Сҭампыл ақалақь аҿы аус иуеит. Орҳан Хəырхəмал аполитика аганахьала акыршықəса Сақариа ақалақь аҿы аус иуит, ҳџьынџьуаҩ Ҭырқəтəылатəи Аҳəынҭқарра Апарламент адепутат Енгин Ҭаскəач-иԥа (Папба) апартиаҿы ивагылаз иоуп.
Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аԥхьа Орҳан Хəырхəмал Аԥсныҟа даахьан, Ҭырқəтəылантəи Аԥсныҟа иааз ҳџьынџьуаа еидызкылоз акəашаҩцəа рансамбль дацын, уиижьҭеи шамахамзар есышықəса иԥсадгьыл даҭаауеит, аимадара рыбжьоуп иашьцəеи иареи.
"Аԥсны саннеи, Хəырхəмалааи сареи ҳаибабеит, ачара сзыруит. Ахра Хəырхəмал иԥшəмаԥҳəыси иареи Ҭырқəтəыла мызкы исысасын, сашьцəа рхарҭа сыдуп, ҳгəы еизыбылуеит. Даара игəхьаазгоит Аԥсны, снеирц сҭахуп, Анцəа иҳəар, лассы ҳаибабап", - иҳəеит Орҳан Хəырхəмал, ицəажəара хыркəшауа.
Орҳани сареи уажəтəи ҳаицəажəара шьақəгылан аҭелтə еимадарала. Хымԥада, ирацəоуп ҳазлацəажəаша, ҳаззааҭгылаша ахҭысқəа, маҷк иадамхаргьы ҳџьынџьуаа ргəеисыбжьы шəара шəҟынӡа анагара ҳҽазаҳшəоит. Орҳан Хəырхəмал ажəа сиҭеит лабҿаба ҳаибабар, еиҭеиҳəаша ажəабжьқəа шимоу, акыр иаԥсоу ҳаԥхьаҩцəа, урҭ зегьы шəара шəҟынӡагьы инаҳгоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҳаразиа: Аԥсуа-абаза жәлар ахьынхозаалак, аимадареи аусеицуреи рыбжьазароуп
Омар Хагəышь: Аԥсныҟа саара – илабҿабахаз аԥхыӡ исзаҩызахеит