Енгин Папба: Ҭырқәтәыла сыҟазаргьы, Аԥсны сатәуп, сгәы арахь иҟоуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаЕнгин Ҭаскәач-иԥа (Папба)
Енгин Ҭаскәач-иԥа (Папба) - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла апарламент адепутат Енгин Ҭаскәач-иԥа (Папба) дазааҭгылеит иааираны иҟоу апарламенттә алхрақәеи, иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь имоу агәыбылреи. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа.

– Енгин, шәара, ноиабр мзазы имҩаԥысраны иҟоу апарламент алхрақәа рахь депутатс шәкандидатура ықәгылоуп Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Жәлар рпартиа ахьӡала. Ақәҿиарақәа шәзеиӷьаҳшьоит! 

– Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ноиабр мза алагамҭазы, ишазгәашәҭаз еиԥш, Ҭырқәтәыла апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысуеит. Сара, абыржәы хынтәуп сықәгылоижьҭеи. Агәыӷра сымоуп сыгәҭакы наӡап ҳәа. Алхрақәа шалгаз еиԥш, Аԥсныҟа анеира сгәы иҭоуп. Сыԥсадгьыл гәхьаазгеит, афақьаҳәа уахь снеиуеит.

Октаи Чкәотуа - Sputnik Аҧсны
Октаи Чкәотуа: Ҭырқәтәыла Сириатәи аимак аҽаланагалар шәарҭоуп

– Шәара шәхымҩаԥгарала, ибзианы иаҳбарҭоуп,  шәахьыҟазаалакгьы шәҭоурыхтә ԥсадгьыл шәшазыҟоу,  шәусқәа  раԥхьа ишгылоу. Шәықәгыларақәа рҟны иазгәашәҭоит, Ҭырқәтәылатәи апарламент аҟны депутатс шәыҟазаргьы, хылҵшьҭрала шәшаԥсыуоу, шәыжәлар ринтересқәа рыхьчара аԥхьа ишшәыргыло. Хҳәаас иҟашәҵои?

– Уаҳа ҟалашьас иамоузеи?! Сара, депутатк иаҳасабала, Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь Анкара имҩаԥысыз раԥхьатәи аизараҿы санықәгылоз зегьы ирдырааит ҳәа ирыласҳәеит сшаԥсыуаз. Сахьыҟазаалакгьы исҳәо убри ауп: Сара саԥсыуоуп, забдуцәа Аԥснынтә ихдырҵәаз ирхылҵшьҭроу соуп ҳәа. Сыжәла Папбоуп (Ҭаскәач-иԥа). Сара Ҭырқәтәыла сыҟазаргьы, Аԥсны сатәуп, сгәы сыԥсадгьыл ахь иҟоуп.

– Раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа шәанбанеи? Ишԥашәыдышәкылеи, ишԥашәзааи шәыԥсадгьыл?

– Усҟан, Адаԥазар ақалақь анапхгараҿы аус зуан. Ақалақь аиҳабы иҟны сцеит, иасҳәеит аԥсадгьыл ҳәа Аԥсны шсымоу, сцар, избар шысҭахыу. Дақәшаҳаҭхеит, иаргьы ҳаԥхьа днаргыланы, апарламент адепутатцәа ҳаицны ҳааит Аԥсныҟа, аибашьра аԥхьа. Зегь раԥхьаӡа убасҟан ауп Аԥсны анызба. Ҭырқәтәыла инхо сҩыза Бганба Орал дсыцын.  Исгәалашәоит, ҳалаӷырӡкәа шаауаз, ҳашҵәыуоз. Ԥхыӡу лабҿабоу сыздыруамызт сзықәшәаз.  Аҟәа, ашьапылампылтә стадион ахь ҳаргеит, ампыл асра ҳахәаԥшырц. Ауаа рацәа ыҟан. Ашьшьыҳәа, аԥсышәала ицәажәоз ҳарзыӡырҩуан.  Анаџьалбеит, ҳаԥсадгьыл аҟны ҳаҟоума?— ҳәа иџьаҳшьон, ахаҵара ҳцәыуадаҩын. Ус, ажәабжь рыларҳәеит, Ҭырқәтәылантәи ҳашьцәа ҳзааит Енгин Папбеи, Орал Бганбеи ҳәа. Сара сыԥсуаз џьысшьеит, убас сгәы ҭыҵны ацара иалагеит. Рызегьы анапеинҟьара иалагеит. Ампыл иасуаз ахәмарыҩцәа ҳааигәа иааит, ҳнапқәа еимданы аԥсшәа еибаҳҳәеит. Урҭ амшқәа, сыԥсы ҭанаҵы исхашҭраны сыҟаӡам. Ажәа Аԥсадгьыл, зегь аҳәоит.

– Араҟа иазгәашәҭеит, усҟан аибабарақәа шаҟа агәыбылра рыцыз.  Уажәы, аиҭанеиааирақәа еиҳа имариахеит, аибабарақәа рымҽках аҽарҭбааит. Шәара, депутатк иаҳасабала, ирацәоуп арепатриациа аус аҟны шәызлацәажәо азҵаарақәа. Реиҳа иалышәкаауеи?

Сҭамҧыл - Sputnik Аҧсны
Ахеиқәырхара: ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспораҿы абызшәа аҭагылазаашьа

– Сара зегь рпаԥхьаӡа иргыланы, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуааи, Аԥсны инхо аԥсуааи реимадара аҳәаақәа рырҭбаара ауп исҳәо, амшынтә мҩа, аҳаиртә мҩа аартра. Уажәы, ҩаԥхьа апарламент ашҟа снеины саныҟала, уи азҵаара хымԥада ишьҭысхуеит.  Аԥснытәи апарламент ахьӡала Ҭырқәтәыла сыҟоуп сҳәалоит зны-зынла саахәмаруашәа. Аха, ус егьыҟоуп ҳәа сахәаԥшуеит.

– Аԥсны ахақәиҭра амоуп. Адунеи ҳәынҭқаррақәак уи ахьыԥшымра азхаҵара азгәарҭахьеит. Ари азҵаара ишԥазнеиуеи Ҭырқәтәыла?

– Аԥсны  иамоу ахақәиҭра, ахьыԥшымра, адунеи зегьы ирдырроуп. Анкара ҭыԥк ааҳартырц ҳҭахыуп, ацҳаражәҳәарҭа. Аԥсны иадҳәалоу аофициалтә ҟазшьа змоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы уа еиҿаҳкааларц ҳҭахыуп. Усҟан, Аԥсны ззымдыруагьы, изакәу  еиҳа еиликаап, иалацәажәо иалагап. Ааигәа, еиуеиԥшым апартиақәа рҟынтә  апраламент адепутатцәа сыманы Аԥсны снеит. Ирбеит, еилыркааит Аԥсны хатә ҳәынҭқарраны ишыҟоу. Ҭырқәтәылаҟа ианыхынҳәгьы, иџьашьаны аӡбахә иалацәажәон. Иҳалшо акрыҟазар ҳадгылоит ҳәа ицәажәогьы иалагеит.  Иҟаҳҵаша аусқәа рацәоуп.

Сонер Гогуа. - Sputnik Аҧсны
Гогәуа: Аԥсни Тырқәтәылеи реицыхәаахәҭра 200 миллион доллар артәоит

Адаԥазар, Сақариа  ақалақь Аԥснынтә иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭо астудентцәа ҳамоуп. Иааидкыланы, имаҷҩым Ҭырқәтәыла аҵара зҵо. Уи агәахәа алаҳхуеит. Адырра бзиақәа рыманы, рыԥсадгьыл ахь ихынҳәуеит ҳәа агәыӷра ҳамоуп.

– Шәара шәқыҭа иарбану Ҭырқәтәыла?

– Сара Каиалар ақыҭаҿы сынхоит. Аԥсыуа қыҭоуп, иҳаиуам уаҩ дҳалаӡам. Уи ҳаиҳабацәа раахыс ус иҟоуп. Ҳаԥсуара ныҟәаҳгоит. Сыҩнаҭаҿы избаз алеишәа ныҟәызгоит иахьа уажәраанӡа. Сгәырӷьоит саԥсыуаны Анцәа сахьишаз. Ҳаиҳабацәа срызгәыдууп. Алхрақәа рҟны аиааира зганы сҟалар, схы шьҭыхны, сахьаԥсыуоу сазгәыдуны Аԥсныҟа  снеиуеит.

– Аԥсныҟа, шәыуаажәлар рахь ишәҳәарц акыр шәҭахызар, гәахәала ҳашәзыӡырҩуеит.

– Сыуаажәлар даараӡа шәыгәхьаазгоит. Ҭыԥла ҳаицәыхаразаргьы, гәыла ҳаицуп. Ҳара аҭоурых ҳаҩнашазаргьы, аҽеидкылара ҳаҿуп. Сара сыҩны Аԥсны асахьақәа иахьабалак икыдуп. Аԥсны иҟоу сашьцәа, саҳәшьцәа, сҭынхацәа, сыуаажәлар зегьы,  даараӡа салам шәзынасышьҭуеит Ҭырқәтәылантә. Ааигәа ҳаибабап ҳәа агәыӷра сымоуп. Ишәхыжәгахьоу шәџьабаақәа рацәоуп. Абзиарақәа рацәаны Анцәа ишәаҭәишьааит!

Во время выборов президента Абхазии в Турции.
Во время выборов президента Абхазии в Турции. - Sputnik Аҧсны
Во время выборов президента Абхазии в Турции.

Енгин Ҭаскәач-иԥа (Папба) Есқьишьеҳиртәи ауниверситет аекономикатә факультет далгеит. Анаҩс, Адаԥазар, ақалақьтә усбарҭа аиҳабыраҿы аус иуан. Ҩынтә Ҭырқәтәылатәи апарламент депутатс далырххьеит, уажәы хынтәны дықәгылоуп. Нанҳәамза 24, 2014 шықәсазы Аԥсны ахада иалхрақәа анымҩаԥысуаз Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора рыбжьыҭараан аҭыԥантәи амчрақәа уи иаԥырхагахарц иалагеит, аха Енгин Папба урҭ рхықәкы анагӡара рылимыршеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0