АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәыԥҩык Аԥсны ауааԥсыра агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Ԥсоу" аԥхьа еизаны Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аадыртразы адҵа ҟаҵо иқәгылеит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит еизаз ирԥылаз Гагра араион ахада Иури Хагәышь.
"15-20-ҩык раҟара ауаа аҳәаа аадыртразы адҵа ҟарҵарц еизеит. Урҭ зегьы аҳәааҿы аус зуа - шьоукы аидарагага кәырҷыжь ала аус зуа, егьырҭ Урыстәылантәи атауар аазго - Цандрыԥшь инхо атәылауаа роуп. Ҳара урҭ зегьы ҳрацәажәеит. Дара акоронавирус ыҟам ҳәа агәра ганы иҟоуп, аха акаҿы ҳааибагеит дареи ҳареи, уажәшьҭа урҭ еимпхьеит", - иҳәеит Хагәышь.
Гагра араион ахада иазгәеиҭеит Ԥсоу еизаз ауааԥсыра аԥара апроблема шышьҭырхыз, араион анапхгара урҭ ацхыраара рырҭоит ҳәа иақәдыргәыӷит.
"Ҳара урҭ ҳаҽрымаҳдоит, ашәахьа инаркны ари азҵаара аӡбара ҳалагоит. Цандрыԥшь аҳаблеи Гагра араиони рхадарақәа урҭ ирыцхраауеит. Аҵыхәтәаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аангьы дара аӡәгьы иихаимыршҭӡацызт, фатәылеи хәшәылеи ацхыраара раҳҭон", - иҳәеит Хагәышь, иагьазгәеиҭеит еизаз аҳәса шьоукы рыԥшәмацәа Урыстәыла аус руеит азы дара-дара еибабартә аҭагылазаашьа шрымам аҳәаа ахьарку амшала.
Асабша, рашәара 13 рзы асоциалтә ҳақәа рыҟны ицәырҵит агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Ԥсоу" аԥхьа гәыԥҩык ауаа еизаны аҳәаа аадыртразы адҵа ҟаҵо ишықәгылаз. Телеграмм-каналқәак рҟны ирыҩуан урҭ дырԥыларц днеизшәа ахада Иусбарҭа аихабы Алхас Кәыҵниа, аха иара уи аинформациа мцуп ҳәа ахиҳәааит Sputnik акорреспондент даниацәажәоз.
Апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны COVID-19 рыхьхьеит 37-ҩык. Иацы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа аҳәаанырцә тәылауаа рахысразы аԥкрақәа рыҿҳәара ԥхынгәы 1 аҟынӡа ацҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит, атәыла аҩнуҵҟа акәзар, ԥкрақәак аԥыхуп рашәара 15 инаркны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Александр Анқәаб: Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа макьана иаркызароуп
Шәҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра изныкымкәа аҳәаа иахысыр рылшоит