Аҟәа ахада аҩнеихагылақәа рашҭаҿ акапиталтә гаражқәа рыргылара азин ҟаиҵом

Аҟәа ахада иусдҵа амчра аиуеит  агазеҭ "Аҟәа-Сухум" аҟны акьыԥхьра ашьҭахь мчыбжьык анҵлак.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба инапы аҵаиҩит акапиталтә гаражқәа аҩнеихагылақәа рашҭаҿ аргылара азин аҟамҵаразы аусдҵа. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Ешба анапынҵа ҟаиҵеит Аҟәа анхарҭатә фонд асистематә еиҿкаара аҭазарц

Аӡбра рыдкылоуп аҩнеихагылақәа иахьрыҵаркуа аҭыԥқәа рырԥшӡара хықәкыс иҟаҵани анхарҭаҩнаҿы азеиԥш мазара ахатәтәыҩцәа ринтересқәа рыхьчарази.

Убри аан ауааԥсыра азин рымоуп еиҵаԥсо агаражқәа рыргылара, уи азы ақәшаҳаҭра ақалақь ахадараҿы иганы.

Рашәара хԥа рзы Беслан Ешба аҳҭнықалақь аҩнусбарҭақәа рнапы ианиҵеит мызкы аҩныҵҟа  еизыргарц  уаҩ дызхым ауадақәеи амуниципалтәи ахатәи уадақәеи рхыԥхьаӡаразы аинформациа.

Ешба иара убасгьы "Аҟәа ақалақь анхарҭатә фонд аситемаркразы" ҳәа аусдҵа инапы аҵаиҩит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: