Афестиваль "Неделя фильмов Говорухина" Аԥсны амҩаԥгара дадгылеит Аслан Бжьаниа

Урыстәыла жәлар рартист, асценарист, арежиссиор Станислав Говорухин иԥсҭазаара далҵит рашәара 14, 2018 шықәса рзы. Рашәара 15 рзы Аԥсны ахада инапынҵала Говорухин анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. 2022 шықәса рзы афестиваль "Неделя фильмов Говорухина" Аԥсны амҩаԥгара аидеиа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дадгылоит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Урыстәылатәи ателеканал Аԥсны иазку афильмқәа фба ҭнахраны иҟоуп

Афестиваль Аԥсны иҭыхыз Говорухин икиносахьа "Робинзон Крузо" 50-шықәса ахыҵра иазкхоит.

Аслан Бжьаниа Москваҟа иныҟәарақәа руак аан игәҭакуп Станислав Говорухин иԥшәмаԥҳәыс Галина Борис-иԥҳа лԥылара, Аԥсныҟа афестиваль лалахәразы лааԥхьара, иара убасгьы Говорухин иусумҭақәа рцәыргақәҵа аиҿкаара алыршара.

Апресс-маҵзура иазгәанаҭоит Аԥсны ахадеи еицырдыруа актиори хаҭала еибадыруан ҳәа.

Станислав Говорухин — Урыстәыла жәлар рартист, акиносахьақәа "Вертикаль", "Место встречи изменить нельзя", "Пираты XX века", "В поисках капитана Гранта", "Десять негритят", "Ворошиловский стрелок", "Благословите женщину" уҳәа ирацәаны сценаристс, режиссиорс дрымоуп.

Атәыла аполитикатә ԥсҭазаара далахәын, апартиа "Единая Россия" далахәылан. 2000 шықәса рзы атәыла ахадаразы дықәгылан.

Афильм "Робинзон Крузо" Говорухин 1972 шықәса рзы Аԥсны иҭихит. Аҭыхымҭа далахәын аԥсуа актиор Сергеи Габниа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалот: