"Хҭырԥа шкәакәа": афильм амаӡақәеи уи ахьҭырхуаз аҭыԥқәеи

© Sputnik / Томас Тхайцук"Хҭырԥа шкәакәа" афильм ахьҭырхуаз аҭыԥ.
Хҭырԥа шкәакәа афильм ахьҭырхуаз аҭыԥ. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ипоема "Ахра шкәакәа" асценари ала 1974 шықәсазы Довженко ихьӡ зху Украинатәи акиностудиа "Хҭырԥа шкәакәа" афильм ҭнахуан. Уи ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәеи, ихәмаруаз актиорцәеи атриукҟаҵаҩи, иара убас иаҵоу амаӡақәеи Sputnik аматериал аҟны.

Sputnik

Аԥсны аӡәырҩы асахьаркыратә фильм "Хҭырԥа шкәакәа" иахәаԥшхьеит. Аха имаҷҩуп уи аҭыхрақәа шымҩаԥысуаз ртәы здыруа. Довженко ихьӡ зху Украинатәи акиностудиа ари афильм ҭнахуан Аԥсны шықәсык иназынаԥшуа. Иара иалахәын иреиӷьыз аԥсуа актиорцәа аӡәырҩы, афильм изкуп аԥсуа жәлар рфырхаҵа Ҳаџьараҭ Кьахьба.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Хҭырԥа шкәакәа" аҭыхрақәа реиҳарак мҩаԥысуан Ҷлоу ақыҭа аҳаблақәа Ақыдреи Аимареи рҟны
Хҭырԥа шкәакәа: афильм амаӡақәеи уи ахьҭырхуаз аҭыԥқәеи - Sputnik Аҧсны
"Хҭырԥа шкәакәа" аҭыхрақәа реиҳарак мҩаԥысуан Ҷлоу ақыҭа аҳаблақәа Ақыдреи Аимареи рҟны

Афильм аҭыхрақәа Аԥсны бжьымз инарзынаԥшуа ицон, урҭ рахьтә ԥшьымз инеиҳаны аҭыхрақәа мҩаԥган Ҷлоу ақыҭан Ақыдреи Аимареи аҳаблақәа рыҟны.

© Sputnik / Томас ТхайцукҶлоу ақыҭа Ҵәыџьаа аишьцәа рашҭаҟны игылоу аҩны иамоу ажәытә уаџьаҟ
Хҭырԥа шкәакәа: афильм амаӡақәеи уи ахьҭырхуаз аҭыԥқәеи - Sputnik Аҧсны
Ҷлоу ақыҭа Ҵәыџьаа аишьцәа рашҭаҟны игылоу аҩны иамоу ажәытә уаџьаҟ

"Довженко ихьӡ зху астудиа Аԥсны ахы-аҵыхәа еимданы иалыркааит Ҷлоу ақыҭа, хаҭала Ҵәыџьаа аишьцәа ргәараҭа. Афильм анҭырхуаз, сара ашкол саналгоз ашықәс акәын, аурокқәа ааныжьны ишҭырхуа ҳахәаԥшырц ҳаауан. Усҟан ара аҽакала иҟан, иԥшӡаран цәгьала, зегьы џьашьахәын. Ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшын асцена Ҳаџьараҭ Омар дышьны данаауаз атәы, абри аҳҭынраҟны ауп иара аҟамагьы ахьалаиҵаз. Исгәалашәоит, Омар дызҵәыуаз ҳгәыла ҳәсақәа шракәыз. Ауаа рацәа аҭахын аҟнытә, Ҷлоу ақыҭа анхацәагьы алахәын. Егьараан ҳарԥырхаган, аха аӡәгьы дҳаҵаҟьомызт, уимоу, Савелиев иҳәон, иахәаԥшлааит арежиссурахь агәыбылра шьҭызкаауа дҟалар алшоит ҳәа", - абасала афильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҭыхрақәа игәалаиршәоит Ҷлоу ақыҭантәи Андарбеи Инаԥшьба.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Хҭырԥа шкәакәа" афильм аҭыхрақәа ахьымҩаԥысуаз ашҭа
Хҭырԥа шкәакәа: афильм амаӡақәеи уи ахьҭырхуаз аҭыԥқәеи - Sputnik Аҧсны
"Хҭырԥа шкәакәа" афильм аҭыхрақәа ахьымҩаԥысуаз ашҭа

Афильм аҭыхрақәа мҩаԥысуан Аҟәа аспортбаза, аӡиа Риҵа, Арасаӡыхь, Мықә, Афон ухәа егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы. Иара акырџьара ишымҩаԥысуазгьы, Ҷлоу ақыҭан хықәкыла аишьцәа Ҵәыџьаа рашҭаҿы акәын иахьымҩаԥысуаз ихадаз ахҭысқәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Хҭырԥа шкәакәа" афильм аҭыхрақәа ахьымҩаԥысуаз ашҭа
Хҭырԥа шкәакәа: афильм амаӡақәеи уи ахьҭырхуаз аҭыԥқәеи - Sputnik Аҧсны
"Хҭырԥа шкәакәа" афильм аҭыхрақәа ахьымҩаԥысуаз ашҭа

Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль наигӡон Томас Кәакәасқьыр, дублиорс диман Аԥсны Афырхаҵа Аполлон Шьынқәба. Иара иҽы Циркач ахьӡын, уи аҽы алоуп афильм аҟны аӡхыҽҽахьы ишыԥаз.

Аполлон Естат-иԥа ишиҳәо ала, иара уи ашықәс азы Ҭхьынатәи абжьаратә школ аҟны рҵаҩыс аус иуан, Томас Кәакәасқьыри иареи еиҩызцәан, ҭеиҭыԥшлагьы еиԥшын.

Актер Томас Кокоскир в фильме Белый башлык - Sputnik Аҧсны
Амилаҭ рмазара иахәҭакыз: Томас Кәакәасқьыр игәалашәара аҳаҭыразы

"Аабатәи акласс аҟны аурок сыман, ҳдиректор Сократ Воуба ашә днасны, ауада дныҩналеит, "Аполлон Аҟәантәи иуышьҭаланы иааит" иҳәан, сишьҭаланы сындәылҵит саргьы, санынаԥш, Томас дызбеит, ицыз уеизгьы исыздыруамызт. Ҳашкол ашҭаҟны магнолиа ҵла дуӡӡа гылоуп, уа ашәшьыра ҳныҵатәаны ҳаицәажәара ҳналагеит. Уахь снеиаанӡа, ҳҿанынаҳха, Савелиев "похож" ҳәа хынтә иҳәеит. Ииҳәаз иаҵанакуаз ашьҭахь ауп ианеилыскаа. Иаҳҭаху абри-абри ҳәа ансарҳәа, исыдыскылеит, аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩҩит. Ус афильм аҭыхра ҳалагеит. Сара санаалеит, избан акәзар Томаси сареи ҳаиԥшын маҷк, насгьы сара сҽы алитератураҿы асахьа злаҭыхаз ала, иара ахаҭоушәа ианаалон. Ҳаџьараҭ иҽы Кәантра ахьӡын, сара сҽы Циркач, иара уи алагьы ауп аӡхыҽҽахьы сшыԥаз. Сара схәыҷаахыс аҽыбӷаҟазара сыцааиуан уамашәа", - ҳәа игәалаиршәоит Аполлон Шьынқәба.

 

Аӡы сҽыжәланы аҭаԥалара аҭоурых дууп, иҳәоит иара, уи атриук ҟаиҵаанӡа иаҵаз амаӡақәа ҭиҵааит.

"Аиқәшаҳаҭра ишаҳәоз ала, Ҳаџьараҭ ироль иаҵанакуаз амашәыр зҵоу зегьы сара инасыгӡон, уи зегьы ирылыҳәҳәо иҟаз апункт акакәын аӡхыҽҽа ҽыла аҭаԥылара. Зегьы зыцәшәоз абри амомент акәын, мап ацәкы ҳәагьы сарҳәон. Афильмқәа рҭыхрақәа аҭоурых аҟны изныкымкәа иҟалахьеит аиԥш зеиԥшу атриук ашьҭахь актиор данҭахоз, аха сара мап мкыкәа сҽазыҟасҵон. Аԥсны иаҳзымԥшааит иманшәалаз аҭыԥ, уи аҟнытә Довженко истудиа аусуҩцәа сахьыԥоз аҭыԥ еиҿыркааит. Ҽыла амшын ауп сызлаԥалаз, сахьыԥоз 11 метра ыҟан", - ҳәа ациҵеит иара.

Афильм аҭыхра иалахәын апсуа актиорцәа аӡәырҩы, уи Виолетта Маанԥҳа, Нурбеи Камкьиа, Софа Агәмааԥҳа, Валери Ақаҩба, Амиран Ҭаниа, Виачеслав Аблоҭиа, Еҭери Коӷониаԥҳа, Инга Гәынԥҳа, Шәарах Ԥачалиа.

© Foto / киностудия им. А.ДовженкоКинофильм "Белый башлык"
Хҭырԥа шкәакәа: афильм амаӡақәеи уи ахьҭырхуаз аҭыԥқәеи - Sputnik Аҧсны
Кинофильм "Белый башлык"

 

"Афильм аҭыхра ҳалагаанӡа Москва аҽԥышәаратәи аҭыхрақәа ҳархысит, анаҩс асахьаркыратә хеилак алахәылацәа ҳахәаԥшит, доусы дызқәнаго ароль ҳәа иалкааны ҳрольқәа еихыршеит. Афильм аҭыхраҿы ауаа рацәа аҭахын, уи аҟнытә ауадаҩрақәа рацәаны иацын. Избан акәзар, иара аамҭа ҽаҩраҭагалан акәын иаҭахыз, ҳара ҳадхалан аӡын ахь ҳаиасит, уи еилффаҷа изыҟамлеит. Ихәмаруазгьы, иҭызхуазгьы аџьа рбеит. Ари афильм аҟынӡа Мосфильм аҟны сыҽҭысххьан, аха ари афильм аҟны ароль акала иҟан. Сара инасыгӡоз ароль ицәгьаз драматә рольын. Нурбеи Камкьиа иоума, Томас Кәакәасқьыр иоума, гхак ҳамазар еиҵаҳҳәо, гәреибагарала аус ҳуан", - лҳәоит Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа.

Кадр из фильма "Белый башлык"
Хҭырԥа шкәакәа: афильм амаӡақәеи уи ахьҭырхуаз аҭыԥқәеи - Sputnik Аҧсны
Кадр из фильма "Белый башлык"

 

Абас, 1974 шықәса лаҵарамзазы Довженко истудиа аҭыхра иалагаз афильм раԥхьатәи аӡыргара мҩаԥысит 1975 шықәса цәыббрамзазы. Аԥсны зҭахыз зегьы аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа ари аус еигәырӷьеит. Хаҭала гәырӷьарыла идикылеит Баграт Шьынқәба.

арежиссиор Владимир Савелиев - Sputnik Аҧсны
Илегендатәу аԥсуа вестерн: арежиссиор ииубилеи

"Баграт Уасил-иԥа хаҭала аӡыргара далахәын, гәырӷьаран иара изы, ҳаҭырла дазнеит иара ари аус. Аҭыхрақәагьы изныкымкәа дырҭаахьан, абжьагарақәа ҟаиҵон еснагь", - ҳәа иҳәеит Апполон Шьынқәба.

Афильм 1975 шықәса рзы иахәаԥшит Урыстәыла, Нхыҵ Кавказ, Германиа. Иара убри ашықәс азы "Хҭырԥа шкәакәа" Кишениов имҩаԥысуаз афестиваль аҟны аԥхьахә агеит, ҷыдала асценари азы апремиа ианашьан Баграт Шьынқәба, ақәыргыламҭазы - Владимир Савелиев, абжьы азы - Владимир Гәбаз. Иааидкыланы, "Хҭырԥа шкәакәа" 20 миллионҩык инареиҳаны ахәаԥшцәа аман.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0