"Амшынеиқәафымцамч": Аԥсны араионқәа хԥа рҟны афымцалашара еиԥҟьоит

Амҩаду арыцқьаразы шьыжьнаҵы афымцалашара дырцәоит Аԥсны араионқәа хԥа рҿы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Аҟәа ақалақьи, Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра араионқәеи рҟны афымцалашара ырцәахоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Алашара дырцәоит рашәара 17, 18, 19 ашьыжь асааҭ 4.30 инаркны 6.30 рҟынӡа ҳәа аҳәоит адырраҭара.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Гагра араион аҿы афымцалашара дырцәараны иҟоуп астанциа маҷ аҿы аремонт-зыԥхьагәаҭаратә усурақәа ирхырҟьаны. Ақыҭақәа Гьачрыԥшь, Асабулеи, Лаԥстарха, Мкьалрыԥшь, Ԥсоу рашәара 17 рзы фымцалашарада иаанхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Гагра араион ақыҭақәа хәба лашарада иаанхоит ахашаҽны