Гагра араион ақыҭақәа хәба лашарада иаанхоит ахашаҽны

Гагра араион аҿы афымцалашара дырцәараны иҟоуп астанциа маҷ аҿы аремонт-зыԥхьагәаҭаратә усурақәа мҩаԥысуеит аҟынтә.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Ақыҭақәа Гьачрыԥшь, Асабулеи, Лаԥстарха, Мкьалрыԥшь, Ԥсоу рашәара 17 рзы фымцалашарада иаанхоит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿы.

Афымцалашара ырцәахоит асааҭ 11:00 инаркны 16:00 рҟынӡа Гьачрыԥшь астанциа маҷ аремон ахьыҟарҵо азы.

"Амшынеиқәафымцамч" ауааԥсыра рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭанаҵоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: