АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Ақыҭақәа Гьачрыԥшь, Асабулеи, Лаԥстарха, Мкьалрыԥшь, Ԥсоу рашәара 17 рзы фымцалашарада иаанхоит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿы.
Афымцалашара ырцәахоит асааҭ 11:00 инаркны 16:00 рҟынӡа Гьачрыԥшь астанциа маҷ аремон ахьыҟарҵо азы.
"Амшынеиқәафымцамч" ауааԥсыра рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭанаҵоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны афымцалашара ахә иушәар ҟалоит аинтернет ахархәарала
-
Лазба: афымца ахә ахшәаара адагьы, иеиҷаҳалатәуп