Аҟәа ахада амҩадуқәа ҩба рҿы амҩакыгақәа ргылазарц адҵа ҟаиҵеит

Атранспорт аныҟәара аҭышәныртәаларазы амҩакыгақәа ргылахоит Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аусдҵа "Атранспорт хархәагақәа рҭалареи рҭыҵреи рҭышәныртәаларазы  аҭахкаагақәа (амҩакыгақәа) рықәыргыларазы" инапы аҵеиҩит. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

"Амҩакыгақәа ықәыргылазааит абарҭ аҭыԥқәа рҿы: Аҟәа, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәеи Аидгылара амҩеи рҟны аҭахкаагақәа рыргылара аплан-схемақәа иадырбо аҳәаала", - ҳәа аҳәоит аусдҵаҿы.

Аҟәа ахада амҩадуқәа ҩба рҿы амҩакыгақәа ргылазарц адҵа ҟаиҵеит

Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы лаҵарамзазы аусурақәа ирылагеит аҵладацқәа рыԥҟареи ашьаҟамҩатә хаҳәқәа рышьҭаҵареи рзы. Иара убасгьы  аресторан "Амра" инаркны аресторан "Аԥра" аҟынӡа ишьҭыхым аныҟәарҭамҩа ҟаҵахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: