Аԥсны сынтәатәи аԥхын аԥсшьаразы иреиӷьу аҭыԥқәа раԥхьа игылоуп

Аԥсшьаразы заанаҵы анхарҭаҭыԥқәа раҿаҵаразы амаҵзура Tvil.ru ишьақәнаргылеит 2020 шықәса рзы еиҳа алаҵәара змоу аҳәаанырцәтәи ахырхарҭақәа рреитинг.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Аԥсны 2020 шықәса рзы аԥсшьаразы иреиӷьу аҭыԥқәа раԥхьа игылоуп ҳәа арбоуп Tvil.ru. асаит аҿы.

Амаҵзура адыррақәа рыла, 94% зыхә шәоу азыҳәақәа Пицунда, Афон ҿыц, Гагра, Аҟәа роуп.

Аԥсны 11 уахи-ҽни хҩык рзы аԥхынтәи аԥсшьара 24 411 мааҭ итәоит.

Еиҳа имариоуп Белоруссиа аԥсшьара, уа хҩыуаак рзы бжьаратәла ишәатәхоит 18 861 мааҭ.

Асиа шьақәыргылоуп 2020 шықәса рашәара 1 инаркны нанҳәа 31 рҟынӡа имҩаԥгоу заанаҵтәи аҿаҵарақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: