Тҟәаԥс инаркны Аԥснынӡа ашьаҟамҩа ҟалоит Шәачатәи амилаҭтә парк аҿы

Шәачатәи амилаҭтә парк аҵакыра 200 000 гектар рҟынӡа ыҟоуп. Ари ҩынтә рыла Гонконг аҵакыра еиҳауп, хынтә рыла – Сингапур.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Тҟәаԥс инаркны Аԥснынӡа Шәачатәи амилаҭтә парк аҿы ашьаҟамҩа ҟалоит атуристцәа радыԥхьаларазы ҳәа аанацҳауеит Шәача ахадара асаит.

Шәачатәи асанаториақәа ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа рыдыркылахьеит

Шәачатәи амилаҭтә парк аҿы имҩаԥган Акурортқәеи, атуризми, аолимпиатә ҭынхеи рзы Краснодартәи атәылаҿацә рминистрра аилацәажәара.

Ирылацәажәан амилаҭтә парк аҵакыраҿы атуристтә маршрут ҿыцқәа раԥҵара азҵаара.

"Амилаҭтә парк аҵакыраҿы иазыԥхьагәаҭоуп Тҟәаԥс инаркны Аԥснынӡа ашьаҟамҩа аиҿкаара. Уажәазы апроекттә усурақәа мҩаԥысуеит, амаршрут аҿы иҟалар алшо аобиектқәа ирылацәажәоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Апарк аҿы иара убасгьы зызнеира уадаҩу ақыҭақәеи аобиектқәеи рахь анеиразы автотурқәеи, апарк аҵакыраҿ иҟоу ашьхаӡқәа рҿы атыҩқәа рыхҵареи еиҿкаахоит.

Амаршрут ҿыцқәа аԥҵахоит аԥсабарахьчаратә закәанԥҵара аҭахрақәа инарықәыршәаны.

Шәачатәи амилаҭтә парк аҩныҵҟа 150 рҟынӡа атуристтәи арекрациатәи обиектқәа ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: