Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аиааира апарад алахәхаразы Москваҟа дцеит

Аслан Бжьаниа далахәхоит рашәара 24 рзы Москва имҩаԥысуа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира амш 75-шықәса ахыҵра иазку апарад.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа дцеит ҳәа адырра ҟанаҵоит ахада ипресс-маҵзура.

Бжьаниа Аиааира апарад ахь ааԥхьара ииҭеит урыстәылатәи иколлега Владимир Путин.

Аԥснытәи аофициалтә делегациа иалахәуп убасгьы Апарламент адепутат Лаша Ашәбеи, ахадарахьы кандидатс иҟаз Адгәыр Арӡынбеи.

Аацҳамҭаҿы иазгәаҭоуп Аслан Бжьаниа Москваҟа ицара иалагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра ахаҭарнакцәа дырԥылараны дыҟоуп ҳәа.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аантәи аиааира иазку апарадқәа традициак аҳасаб ала лаҵара 9 рзы имҩаԥыргон, аха сынтәа акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны имҩаԥгаз аҳауатә мчрақәа рпарад ауп.

Иара убас шәаԥьар ҟалоит: