Аиааира 75-шықәса ахыҵра ахьӡала маланыҟәала аиԥхныҩлара мҩаԥгахоит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВелопробег ко Дню Победы.
Велопробег ко Дню Победы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Сабду аиааиразы ҭабуп ҳәа иасҳәоит" хацыркхоит асааҭ 9:00 рзы Москва аҩны аҿаԥхьа. Иара иалахәхар рылшоит изҭаху зегьы.

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Маланыҟәала аиԥхныҩлара "Сабду аиааиразы ҭабуп ҳәа иасҳәоит" ҳәа зыхьӡу мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 24 рзы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество анапхгаҩы ицхырааҩ Евгени Павлов.

"Акциа "Сабду аиааиразы ҭабуп ҳәа иасҳәоит" аантәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Акциа мҩаԥысуеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Гәылрыԥшь араион ахадара, Аҟәа ақалақь ахадара рыдгыларала. Амаланыҟәа бзиа избо аҿар зегьы рхы аладырхәыр рылшоит", - иҳәоит Павлов.

Акциа "Сабду аиааиразы ҭабуп ҳәа иасҳәоит" хацыркхоит асааҭ 9:00 рзы Москва аҩны аҿаԥхьа, инагӡахоит Гәылрыԥшь. Акциа алахәылацәа Гәылрыԥшь иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аибашьцәа рзеиԥшжырҭахь инеиуеит, ианыгьежьуа 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа иааҭгыланы иргәаладыршәоит.

"Акциа хацыркхоит асааҭ 9:00 рзы Москва аҩны аҿаԥхьантә, инагӡахоит Гәылрыԥшь иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аибашьцәа рзеиԥшжырҭаҿы. Ара ижуп агоспиталь аҿы ишьҭаз, аха ирзеиқәмырхаз аибашьцәа. Ҳаныгьежьуа Маҷара игылоу 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа ҳнеиуеит. Акциа хыркәшахоит Идырым асолдаҭ ибаҟаҿы", - иҳәоит Евгени Павлов.

Акциа "Сабду аиааиразы ҭабуп ҳәа иасҳәоит" аантәуп имҩаԥысуеижьҭеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0