"Робинзониада" акарантинаамҭазы: Архип Лабахәуа ицәыргақәҵа мҩаԥысуеит Аҟәа

Ацәыргақәҵахь инагахоит аҽыԥхьакреи акарантини раамҭа еиднакылаз асахьаҭыхҩы ирҿиамҭақәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik, Алиса Адлеиԥҳа. Рашәара 25-27 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп асахьаҭыхыҩ, аскульптор Архипа Лабахәуа ицәыргақәҵа "Робинзониада, мамзаргьы сара акарантинаамҭа шысхызгаз".

Лабахәуа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа иазирхиеит 20 рҟынӡа ахалаҽыԥхьакреи акарантини ртема еиднакыаз иусумҭақәа.

"Сара акарантин аԥҟаррақәа зегьы срықәныҟәон. Аус адызулон Робинзон изку ацәыргақәҵа. Сара схаҭа схы Робинзон иакәны избон", - иҳәоит асахьаҭыхыҩ.

Ихаҭа иџьеишьо аобиектқәакгьы шыҟоу азгәеиҭеит асахьаҭыхыҩ. "Сара сзы аинтерес аҵоуп абас ҵакыла ихыркәшам аекспозициа ауаа ишрыдыркылаша", - ҳәа иҳәоит Архип Лабахәуа.

Ацәыргақәҵа еиҿкааҩыс иамоу иара автор ихаҭа иоуп.

"Зегь сара схарџь ала еиҿыскаауеит, ауаа агәахәара рысҭарц", - иҳәоит иара.

Аԥсны акарантин еиҳа ишыԥсыҽызгьы ауаа ааԥсеит, урҭ рыргәырӷьароуп иара ихықәкы.

Ацәыргақәҵа мҩаԥгахоит Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы хәыда-ԥсада, уаанӡатәи аԥхьарҭатә ҭыԥ аҿы.

Архип Зураб-иԥа Лабахәуа - асахьаҭыхыҩ, аскульптор, адизаинер. Лабахәуа - Аҟәа аԥшаҳәаҿы иқәгылоу Фазиль Искандер ифырхацәа рыскульптурақәеи, "Апингвин – философи" , "Аҵани" дравторуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: