Архип Лабахәуа ицәыргақәҵа "17 шықәса рнаҩс" мҩаԥысит Аҟәа

© SputnikАрхипа Лабахәуа ицәыргақәҵа "17 шықәса рнаҩс" мҩаԥысит Аҟәа
Архипа Лабахәуа ицәыргақәҵа 17 шықәса рнаҩс мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхыҩ, аскульптор Архип Лабахәуа жәибыжь шықәса раԥхьа напалеикит ицәыргақәҵа аекспонатқәа аус рыдулара.

АҞӘА, рашәара 3 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа, амшын аԥшаҳәаҿы имҩаԥысит зеимахреи зеиҭакреи зуа аҩнымаҭәа ацәыргақәҵа.

© SputnikАрхипа Лабахәуа ицәыргақәҵа "17 шықәса рнаҩс" мҩаԥысит Аҟәа
Архип Лабахәуа ицәыргақәҵа 17 шықәса рнаҩс мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Архипа Лабахәуа ицәыргақәҵа "17 шықәса рнаҩс" мҩаԥысит Аҟәа

Ацәыргақәҵахь инаган ф-усумҭак: еиҵоуԥсо аишәа, агамак, арлашага, амаҭәакнаҳага-арлашага, акресло-шезлонг, аишәақәҵа. Лабахәуа иажәақәа рыла арҭ аусумҭақәа ҵаҵӷәыс ирымоу аҭаацәа аамҭа-аамҭала рынхарҭаҭыԥ рыԥсахыр ахьакәыз ауп.

© SputnikАрхипа Лабахәуа ицәыргақәҵа "17 шықәса рнаҩс" мҩаԥысит Аҟәа
Архип Лабахәуа ицәыргақәҵа 17 шықәса рнаҩс мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Архипа Лабахәуа ицәыргақәҵа "17 шықәса рнаҩс" мҩаԥысит Аҟәа

"Аусумҭақәа зегьы ирзеиԥшу акоуп: еимухуеит, еибуҭоит. Уаанӡа, Москва санынхоз, лассы-лассы ҭыԥ аҟынтәи аҽа ҭыԥк ахь сиаслар акәын. Убасҟан сазхәыцит абри аҩыза аҩнымаҭәа аҟаҵара", - иҳәеит иара.

© SputnikАрхипа Лабахәуа ицәыргақәҵа "17 шықәса рнаҩс" мҩаԥысит Аҟәа
Архип Лабахәуа ицәыргақәҵа 17 шықәса рнаҩс мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Архипа Лабахәуа ицәыргақәҵа "17 шықәса рнаҩс" мҩаԥысит Аҟәа

Асахьаҭыхыҩ, аскульптор Архип Лабахәуа жәибыжь шықәса раԥхьа напалеикит ицәыргақәҵа аекспонатқәа аус рыдулара.

"Москва, жәибыжь шықәса раԥхьа напалеикит ицәыргақәҵа аекспонатқәа аус рыдулара, аха Аԥсныҟа саныхынҳә ауп сусумҭақәа анхыркәшаха", - иҳәоит иара.

© SputnikАрхипа Лабахәуа ицәыргақәҵа "17 шықәса рнаҩс" мҩаԥысит Аҟәа
Архип Лабахәуа ицәыргақәҵа 17 шықәса рнаҩс мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Архипа Лабахәуа ицәыргақәҵа "17 шықәса рнаҩс" мҩаԥысит Аҟәа

Раԥхьаӡа акәны Лабахәуа аекспонатқәа неигеит ацәыргақәҵа "856 деталей" ахь 2015 шықәса рзы. Аха аҭааҩцәа руаӡәк, иҟаз бзианы еилызкаауаз иакәхап, азҵаара рацәа зқәиԥсаз автор аҭакқәа изыҟамҵеит. Лабахәуа еиликааит макьаназ дшазыхиам.

© SputnikАрхипа Лабахәуа ицәыргақәҵа "17 шықәса рнаҩс" мҩаԥысит Аҟәа
Архип Лабахәуа ицәыргақәҵа 17 шықәса рнаҩс мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Архипа Лабахәуа ицәыргақәҵа "17 шықәса рнаҩс" мҩаԥысит Аҟәа

Убри ашьҭахь Архип Лабахәуа еиҳа иныҭкааны иусура напалеикит. Иахьа сара аҩнымаҭәа аҭыжьра сазыхиоуп иҳәеит асахьаҭыхыҩ.

Архип Лабахәуа иусумҭақәа рҿы ихы иаирхәоит афанера, акалам, аметалл.

Архип Лабахәуа ицәыргақәҵа "17 шықәса рнаҩс" ахь инеиз ауаа рацәам. Аиҳарак 2015 шықәса рзы избахьаз роуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0