Аԥсны АШәМ аусзуҩцәа Урыстәыла атәылауаҩ дааныркылеит

Урыстәыла атәылауаҩ даананыркыла ашьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа азинхьчаратә усбарҭақәа дрыҭан.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Урыстәыла атәылауаҩ Сафаров И.Л. дааныркылеит Очамчыра араион Елыр ақыҭан рашәара 22 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АШәМ асаит.

Урыстәыла атәылауаҩ Сафаров И.Л. даанкылоуп Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 228 ахәҭа 2 "Анаркотикатә маҭәашьарқәеи, аԥсихотроптә маҭәашьарқәеи, урҭ раналогқәеи закәаншьаҭада раахәареи, рыҵәахреи, рымҩангареи, аус рыдулареи рзы" иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура ихараҵаны.

Иаанкылоу Аԥсны аҵакыраҿы ишьҭан Урыстәыла азинхьчаратә усбарҭақәа рыҳәарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: