Хҩык Қырҭтәыла атәылауаа закәаншьаҭада Аԥсны аҳәаа иахьахысыз азы иаанкылоуп

© flickr.com / Jordan GillespieНаручники на столе
Наручники на столе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаанкылоу рганахьала ашьаус хацыркуп аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада ахысразы. Дара уажәы Аԥсны АШәМ аамҭалатәи аанкыларҭаҿы иҭакуп.

АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Хҩык Қырҭтәыла атәылауаа закәаншьаҭада Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа иахьахысыз азы иаанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура.

Аԥсны АШәМ аҿы ишырҳәо ала, Қырҭтәыла атәылауаа Квирквиа Бутхуз Џьимшьер-иԥа, 1990 шықәса рзы ииз, Ламанӡиа Михаил Карл-иԥа, 1987 шықәса рзы ииз, Ламанӡиа Мате Вахтанг-иԥа, 1992 шықәса рзы ииз аанкылоуп аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы Аԥсны АШәМи Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә ҟәшеи еицымҩаԥырго ауснагӡатәқәа раан.

Иаанкылоу рганахьала ашьаус хацыркуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 324 ахәҭа 2 аҟны иарбоу аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада ахысразы ала. Иаанкылоу рхақәиҭра иалхәдатәхар ҟалоит ҩышықәса инаркны хәышықәсанӡа.

Дара уажәы Аԥсны АШәМ аамҭалатәи аанкыларҭаҿы иҭакуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0