Хынҭәба еиҭеиҳәеит Галхәыҷ инхо уадаҩрас ирымоу атәы
© Sputnik
"Аԥхьа инаргыланы амҩа апроблема ҳамоуп. Ақыҭауаа уажәы еиҳарак рнапы злаку амандарина, араса ахәшәтәра ауп, аха аҳәаақәа раркра даара ирныԥшит. Ирмыхәшәтәыр, раарыхра алҵшәа маҷхоит. Ахәшәқәа ақыҭанхамҩа аминистрраҟынтәи иҳарҭоит, аха имаҷуп, иазхаӡом, анхацәа иаархәароуп. Иҳарҭо рзаҳшагәышьоит, аха ирызхом", - иҳәеит Хынҭәба.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҵәыџьба Гал адгьыл ақәаарыхразы: ихьшәаны ҳалагеит, аха ҵыԥх аасҭа ҳцәаӷәахьеит
Амҷба еиҭеиҳәеит Гәымарқыҭ инхо ирыбзазашьоу атәы