Урыстәыла Аконституциахь ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭара иалагеит

Атәыла азакәан хадахь ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭара ԥхынгәы 1 азы имҩаԥысраны ишазгәаҭоугьы урыстәылаа алшара рымоуп рашәара 25 инаркны рыбжьы арҭаларц.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Урыстәылаа рашәара 25 инаркны ирылшоит Аконституциахь ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭара.

Атәыла азакәан хадахь ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭара амш хада ҳәа иалхуп ԥхынгәы 1. Уаанӡа абжьыҭара азгәаҭан мшаԥазы, аха COVID-19 иахҟьаз асанитартә-епидемиологиатә ҭагылазаашьазы иахыган. Ус шакәугьы, абжьыҭара ҭыԥқәа рҿы ауаа рацәа рыҟамларазы АКХ иазыԥхьагәанаҭеит рашәара 25 инаркны абжьыҭара алыршара.

Путин аҽазныкгьы хадас икандидатура ақәыргылара шалшо далацәажәеит

Абжьыҭаразы иаҭахны иҟам рзаҳалк ма зыҳәак: иазхоны иҟоуп алхырҭахь инеины абжьыҭара, мамзаргьы акомиссиа анҭыҵ абжьыҭара шуҭаху азы адырра аҭара.

Москвеи Нижнегородтәи аобласти руааԥсыра алшара рымоуп рашәара 25-30 рзы аелектронтә бжьыҭара амҩаԥгара. Уи азы Аҳәынҭмаҵзура асаит ахь азыҳәа нашьҭтәуп. Азыҳәақәа рынашьҭра алшоит рашәара 21 иахымгакәа Аҳәынҭмаҵзурақәа рпортал аҿы ма mos.ru аҿы.

Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы абжьыҭара мҩаԥгахоит ԥхынгәы 1 азы, Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы (Аҟәа, Лакоба 45). Араионқәа рхадацәа адырра ҟарҵеит ишазыхиоу абжьаҭара аиҿкааразы ацхыраара аҟаҵара. Уи азы Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь ауаа рнагаразы атранспорт азырхиахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: