Урыстәыла Аконституциа ариашарақәа рзы абжьыҭара ҟалоит ԥхынгәы 1 азы

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасра Конституция РФ
 Конституция  РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциахь аԥсахрақәа ралагаларазы абжьыҭара ҟалараны иҟан мшаԥы 22 рзы, аха акоронавирус иахырҟьаны иахыган.

АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аусԥҟа инапы аҵаиҩит Урыстәыла Аконституциа ариашарақәа рзы абжьыҭара ҟалоит ԥхынгәы 1 азы ҳәа. Аусԥҟа атекст кьыԥхьуп Кремль асаит аҿы.

"2020 шықәса ԥхынгәы 1 Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы абжьыҭира иамшны ишьақәгылазааит", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.

Аусԥҟаҿ иарбоуп абжьыҭараан ишазхьаԥштәу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа, ауааԥсыра рсанитар-епидемиологиатә хьчара.

Ԥхынгәы 1 Урыстәыла иԥсшьарамшхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0