Аҟәа амшынԥшаҳәаҿы аӡымҩангага рыԥсахит

Аҟәа ақалақь амшын аԥшаҳәаҿы, "Брехаловка" ҳәа изышьҭоу акаҳуажәырҭа аԥхьа аӡымҩангага ҭҟәацит рашәара 28 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik, Алиса Адлеиԥҳа. Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы аӡы зыцәцо иалагаз аӡымҩангага рыԥсахит ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь акоммуналтә нхамҩазы адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.

Аремонттә усурақәа рылагара аламҭалаз ақалақь аҿы аамҭала аӡы аанкылан.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, авариа зыхҟьаз аӡымҩангагақәа рхәарҽхароуп. Дара аибашьра ҟалаанӡатәи аамҭақәа рзы ишьҭаҵан, уи анахысгьы аремонт рзырымуцызт.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: