Ԥсоутәи аҳәааҿы даанкылоуп анаркотикқәа ииазгоз Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс

Анаркотикатә маҭәашьарқәа рконтрабандазы аԥҳәыс Урыстәылатәи Афедерациа АЗ инақәыршәаны, лхақәиҭра далхәыдатәхар алшоит хышықәса инаркны быжьшықәсанӡа, миллионк мааҭ рҟынӡа ахараԥса лыршәанны.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Урыстәыла-аԥснытәи аҳәааҿ даанкылан Аԥсныҟа анаркотикқәа риагара зҽазызшәоз аԥҳәыс ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.

34-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы  даанкылан Урыстәылантәи Аԥсныҟа "акоридор иаҵәала" даниасуаз.
Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Урыстәыла АШәМ  шәачатәи аҟәша аоперативтә информациала ари ахаҿы ашьклаԥшра лыҭан.

"Аԥҳәыс агәаҭара лахыжьраан аҳазалхыҩцәа илыдыргалеит илымоу атауарқәа лхала ицәырылгарц. Иҟаз аҭагылазаашьа зеиԥшраз баны лҿа лықәшаҳаҭхеит анаркотикатә маҭәашьар "соль" шлымаз азы. Лара лхала аҳазалхыҩцәа ирыллҭеит ҵаҟатәи маҭәа иагәылаз аилаҳәара", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аилаҳәара иагәылаз амаҭәашьар афизико-химиатә експертизахь инашьҭын.  Аексперт идыррақәа рыла, иара наркотикатә маҭәашьаруп– N-метилефедрон ауп, капанла 0,76 грамм иҟан.

Ԥсоутәи аҳәааҿы даанкылоуп анаркотикқәа ииазгоз Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс

Иахьазы ашьаусхацыркра азҵаара рыӡбоит "ЕАЕС аҳазлхаратә ҳәаа закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьарқәа рахыгаразы" инақәыршәаны. Иаанкылоу Шәача ақалақь аамҭалатәи аанкыларҭаҿы дыҟоуп.

Анаркотикатә маҭәашьарқәа рконтрабандаз аԥҳәыс лхақәиҭра далхәыдатәхар алшоит хышықәса инаркны быжьшықәсанӡа, миллионк мааҭ рҟынӡа ахараԥса лыршәаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: