Ԥсоу дааныркылеит закәаншьаҭада аҳәаа ахысра зҽазызшәоз ауаҩы

© Sputnik / Акоп Кущян Граница Псоу
Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаа закәаншьаҭада ахысразы даанкылоуп Аԥсны атәылауаҩ. Иара ҩышықәса рҟынӡа иқәырҵар алшоит.

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит  Ԥсоу аӡиас ала аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада иахысуаз Аԥсны атәылауаҩ. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа.

"Абри аус ала ашьаус хацыркуп Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 322 ахәҭа 1 (Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратәә ҳәаа закәаншьаҭада ахысразы) инақәыршәаны. Абри ахәҭаҷ ала ҩышықәса рҟынӡа ахарақәҵара алшоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Адырра злаҟоу ала, ахаҵа Веселое иахьаҵанакуаз дхыҵит. Урыстәыла аҵакырахь алалларазы иарра иарбаныззаалак  шәҟәы ицмызт.

Урыстәыла акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны аҳәаақәа анаркит аҳәаанырцәуаа рзы, категориак аалганы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Аԥсны АШәМ аусзуҩцәа Урыстәыла атәылауаҩ дааныркылеит

Ажәабжьқәа зегьы
0