Аԥсны инхо ма аамҭала иҟоу Урыстәыла атәылауаа Урыстәыла Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы рыбжьы арҭон Аҟәа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы ԥхынгәы 1 азы асааҭ 8 инаркны 20 рҟынӡа. Абжьыҭара иалахәын х-нызқьҩык рҟынӡа ауаа.
"Аԥсны имҩаԥысыз абжьыҭара ныҳәак еиԥш ирыдыркылеит ауаажәлар… Аԥсны жәлар Урыстәылаа рԥыза дызхагылоу иахьатәи аҳәынҭқарра ииасыз ашықәсқәа раан аполитика азыразра аадырԥшит ҳәа сгәы иаанагоит", - лҳәеит Гамсаниаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Урыстәыла Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы Аԥсны рыбжьы арҭеит 2722-ҩык, иаҿагыланы рыбжьы арҭеит – 171-ҩык, 61 биуллетен ԥхасҭан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аиҳараҩык ақәшаҳаҭуп: Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа рзы Аԥсны абжьыҭара алҵшәақәа