Арадио

Ҭаркьылԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа ахәыҷбаҳчақәа раартра азгәаҭан ианыҟоу атәы

Аҟәа ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҟны ахәыҷбаҳчақәа анаартхо.
Sputnik

"Ахәыҷбаҳчақәа русура иахьатәи аамҭа иақәыршәаны аҽазыҟаҵарақәа ҳрылагеит. Иҳаздырымызт ԥхынгәы аказы ахәыҷқәа рааԥхьаразы азин шыҟалоз. Ақалақь аҩнуҵаҟа 13 хәыҷбаҳча ыҟоуп, 2 нызқьи 400-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа рыдкылара ҳҽазыҟаҳҵоит. Ахәыҷбаҳчақәа рнапхгаҩцәа уаҵәы, уаҵәашьҭахь фатәыла, иахәҭоу зегь рыла еиқәыршәаны ашәахьа аартра ҳәа гәҭакыс иҳамоуп. Иҟоу аҭагылазаашьа уахәаԥшуазар (ачымазара ҿкы алаҵәаразы ашәарҭара атәы - аред.) ахәыҷқәа рацәоуп, ашәага-загақәа иахьрықәымшәо аҟынтә акаруаҭқәа ахьдәылҳгаз ыҟоуп", - лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: