Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габлиа еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь ахәыҷбаҳчақәа рышәқәа анаадыртуа атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукДмитрий Габлия
Дмитрий Габлия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион аҵара аҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион аҿы аҵарашықәс шхыркәшоу, иара убас ахәыҷбаҳчақәа рышәқәа анаадыртуа атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габлиа Гәылрыԥшь аҵара усҳәарҭақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ртәы

"Ажәеизатәи акласс сынтәа иаҳзалгеит 134-ҩык аҵаҩцәа. Драндатәи ашкол аҟны Алина Самсониаԥҳа иҷыдоу аттестат ланашьоуп, амаҭәарқәа зегь рыла хәбақәа, егьырҭ зегьы ихарҭәаау абжьаратә азеиԥшҵаразы аттестатқәа роураны иҟоуп. Ахатәы бызшәеи алгебреи рзы аԥышәарақәа қәҿиараа имҩасит. Иааиуа амза хԥа рзы ҳгәы иҭоуп ашколқәа роушьҭымҭацәа еизганы аттестатқәа рнапаҟны рыҭара", - иҳәеит Габлиа.

Иара иазгәеиҭеит ашколхәыҷқәа ҩымз инацны апандемиа иахҟьаны аҵара ахьырымҵоз рдыррақәа ирнымԥшыр залшомызт ҳәа.
Гәылрыԥшь араион аҵара аҟәша аиҳабы убасгьы адырра ҟаиҵеит ԥхынгәы ҩба инаркны араион аҟны иҟоу ахәыҷбаҳҷақәа шаартхо.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0