Абиуџьет ахь ашықәсбжатә лагалақәа рыплан нагӡам

Рашәарамзазы аплан аҟынтәи аиҵахара 50 миллион мааҭ инаӡон, ԥхынгәымзазы уи еиҳагьы аҽеиҭанакыр ауеит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтәқәа ралалара аплан ашықәсбжазы изынагӡамхеит ҳәа аԥыза-министр Александр Анқәаб иирдырит ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Даур Кәырмазиа аиҳабыра рфинанс-економикатә блок аилацәажәараан. Абри атәы аҳәоит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Аусуратә еиԥылара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Афинансқәа рминистр Владимир Делбеи Аҳәынҭҳазалхратә еилакы ахантәаҩ ин.н. Гәырам Инаԥшьбеи.

Кәырмазиа ашәахтәқәа рырбагақәа ртәы еиҭеиҳәеит:

"Рашәарамзазы планла 189 миллион ахьарбаз абиуџьет ахь инеиит 138 миллион мааҭ. Абас ала фымз рыҩныҵҟа 988 миллион мааҭ абиуџьет иаланагалеит. Анагӡара– 93,2% ыҟоуп, аихьымӡара – 72,6 миллион мааҭ артәоит", – ҳәа иҳәеит Кәырмазиа.

Аминистр иазгәеиҭеит рашәарамзазы аиҵахара 50,8 миллион мааҭ шыҟаз. Планла ԥхынгәымзатәи арбагақәа рашәарамзатәқәа раасҭа 300 миллион рыла еиҳаны иахьазгәаҭоу инадҳәаланы ԥхынгәымзаз аиҟәшара еиҳагьы идухар алшоит.

Мшаԥымзазы алагалақәа лаҟәит: ашәахтәқәа рзы аминистри аԥыза-министри еилацәажәеит

Кәырмазиа иҳәеит аиҵахарақәа шрымоу  Аҟәа, Тҟәарчал, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа.

Гәырам Инаԥшьба атауареикәыршара арбагақәа дрылацәажәеит: 2020 шықәса аԥхьатәи ашықәсбжазы атауареикәыршара иартәеит 11 миллиарди 697 миллиони мааҭ, планла 13 миллиарди 320 миллиони мааҭ ахьарбаз.

Иара иазгәеиҭеит ари ашықәс арбагақәа 2019 шықәсазтәи арбагақәа ишрықәшәо. 

Аҳазатә шәарақәа ракәзар, 2020 шықәса раԥхьатәи афымз рзы абиуџьет ахь инеиит 815 миллион мааҭ планла 916 миллион ахьарбаз. 2020 шықәсазтәи абри аамҭа арбагақәа 2019 шықәсазтәи арбагақәа ирҿырԥшны 36 миллион мааҭ рыла еиҳауп.

"Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа шымариам аха уажәазы аҭышәныртәалара шалшо. Аминистрра идуум еиҵахарыла  асоциалтәии егьырҭ аусхкқәеи рҟны аныхрақәа рҭаххара шыхнаҩо", – ҳәаа ҳәоит адырраҭараҿы.

Иара иажәақәа рыла, аусбарҭаҿы аныхрақәа реихырԥсаҟьара аус адырулоит еиҳа аԥыжәара змоу ахырхарҭақәа разгәаҭарала.
Аԥыза-министр аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа рнапы ианиҵеит иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ азыԥхьагәаҭаны анапхгаратә фактор рхы иадырхәарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: