Мшаԥымзазы алагалақәа лаҟәит: ашәахтәқәа рзы аминистри аԥыза-министри еилацәажәеит

© Foto / Кабинет министров РАПремьер-министр Республики Абхазия Александр Анкваб провёл рабочую встречу с министром по налогам и сборам Дауром Курмазия.
Премьер-министр Республики Абхазия Александр Анкваб провёл рабочую встречу с министром по налогам и сборам Дауром Курмазия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Даур Кәырмазиа далацәажәеит шәахтәқәак ралагалара аамҭа анахаразы аӡбамҭа рыдыркылараны ишыҟоу.

АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб дидикылеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәырмазиа. Реиԥылара азкын акарантинтә аамҭаан ашәахтәқәа абиуџьет ахь рнеира азҵаара ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазара апресс-маҵзура.

Кәырмазиа иажәақәа рыла, ашықәс раԥхьатәи ԥшьымз рзы ашәахтәқәеи егьырҭ аԥарашәарақәеи рыплан 84,3% рыла инагӡоуп. Ари зыхҟьаз мшаԥымзазы аԥкыратә уснагӡатәқәа аналагалаха аԥаралагалақәа ркаҳароуп.

"Убас, мшаԥымзазы абиуџьет иалагалахаз 72,2 миллион роуп иарбаз 185,5 миллион рцынхәрас. Абас ала аԥхьатәи аԥшьымз рзы еизган 575 миллион мааҭ иарбаз 682 миллион рцынхәрас", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Убри аан ашықәс актәи аԥшьбарак аплан 101,3 % рыла инагӡан.

Уи адагьы Кәырмазиа аиҳабыра рхада даниацәажәоз иҳәеит уажәазы аус шадыруло шәахтәқәак рыҿҳәара анахареи ашәахтәшәаҩцәа рганахьала ахараԥсақәеи асанкциақәеи мап рыцәкреи иазку ауснагӡатәқәа реиҿкаара.

Анқәаб ибзиоуп ҳәа ахиҳәааит ауснагӡатә ҿыцқәа ралагалара, иазгәеиҭеит иахьатәи аекономикатә ҭагылазаашьақәа раан анаплакыҩцәа рзы ашәахтәшәара аҿҳәара анахара аикәыршаратә ԥара аекономиа шанаҭо, ишхәарҭоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0