Арадио

Аушьҭымҭа Ануаԥҳа: ашкол гәхьаазгоит ҳәа сыҟамызт, аха сазхьаауа салагахьеит

Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аушьҭымҭа, хьтәы медалла зҵара хзыркәшаз Рафида Ануаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лхәыҷрашықәсқәа раан лгәы зызцоз, иахьа акәзар - занааҭс иалылхыз, аҵара дҭалар ахьылҭаху.
Sputnik
Аушьҭымҭа Ануаԥҳа: ашкол гәхьаазгоит ҳәа сыҟамызт, аха сазхьаауа салагахьеит

"Ашкол аҟны амаҭәарқәа исзеиԥшны исҵон, аха зегь раасҭа исгәаԥхон ауаажәларрадырра, уи азҿлымҳара асҭоит. Саныхәыҷыз исҭахын сҳақьымхарц, аха уажәы даҽа занааҭк алысхит. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет сҭалоит аекономикатә факультет, сгәацԥыҳәаны уи азанааҭ аҵара сазнеиуеит", - лҳәеит Ануаԥха.

Лара иазгәалҭеит аҭаацәараҟны арҵаҩы даныҟоу ахәыҷы иҵараҟны ишихәо.

"Сан схәыҷаахыс аҵарахьы агәыбылра слыркхьан, ашкол ахь сцаанӡа аҩышьеи аԥхьашьеи сҵахьан", - лҳәеит Ануаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥсҭазаара ду ахь ашьаҿеихгара: Аԥсны ашколқәа рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы

  • Ҭаркьылԥҳа: Аҟәатәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы иаку ахәылԥаз аиҿкаара ҳазыхиам