Аҭоурыхтә мшы: Ԥсҳәы-Аҟәа амаршрут аусура иалагеит

Ԥсҳәы Аҟәа араион ашьха қыҭақәа иреиуоуп. Амшын аҩаӡараҟынтәи 760 метра аҳаракыраҿы ишьҭоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ԥхынгәы 7 рзы аусура иалагеит раԥхьатәи амаршруттә реис Ԥсҳәы-Аҟәа.

"ГАЗ" амарка иатәу автомашьына миллион мааҭ ҳәа иаанахәеит Аҟәа араион ахадара. Аҟәатәи автобустә парк адиректор Леонид Шәлымба иажәақәа рыла, аҳҭнықалақьи ақыҭеи рытранспорттә еимадара шьақәыргылоуп аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны.

Зыхәба Ԥсҳәи Аҟәеи ареис рыбжьаҵаразы: акоммунистцәа рхаангьы уи аҩыза ыҟамызт

Амашьына  17 тәарҭа ҭыԥ амоуп. Амҩа ахәԥса 700 мааҭ ыҟоуп. Шәлымба ишиҳәаз ала, ареисқәа рымш ақыҭа ахадареи ауааԥсыреи  рақәшаҳаҭрала ишьақәырӷәӷәахоит. Макьаназы атранспорт мчыбжьык ахь знык иныҟәалоит.

"Ари азҵаара хәышықәса рыҩныҵҟа алацәажәара цон. Иахьа раԥхьатәи ареис мҩаԥгахоит. Ҳахәаԥшуеит аныхрақәа, амҩатә ҭагылазаашьақәа. Иҟалоит аҩбатәи атранспорт ааҳхәаргьы еиԥҟьарада ареисқәа рымҩаԥгаразы", - ҳәа иҳәоит Шәлымба.

Агәаҭаратә реис раԥхьатәи апассаџьырцәа дреиуоуп Ԥсҳәытәи Антонина Кәаӡԥҳа. Лара илҳәеит ари аус ақыҭа ауааԥсыра рыԥсҭазаара акыр ишеиӷьнатәуа. Аҳаирплан ахәԥса ашәара зцәыуадаҩыз рацәаҩуп, убри азы иныҟәозгьы маҷын.

"Ақыҭауаа рзы ицхыраагӡа дууп. Х-ҭыԥк змоу аҳаирплан 14 500 мааҭ иаԥсан. Ауаа ԥсыхәа анрымамыз акәын уи рхы ианадырхәоз. Амҩа мариам, аха ауаа рхатәык рҭиуа-иаархәо иҟалоит", - ҳәа лҳәеит лара.

Амаршрут Аҟәа-Ԥсҳәы аамҭала быжь-сааҭк уқәхоит. Аҟәатәи аџьармыкьаҟынтәи иқәҵуеит асааҭ 9:00 рзы.