Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Зыхәба Ԥсҳәи Аҟәеи ареис рыбжьаҵаразы: акоммунистцәа рхаангьы уи аҩыза ыҟамызт

© Sputnik / Томас ТхайцукДаниил Зухба
Даниил Зухба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥсҳәы-Аҟәа ареис ала апассаџьырцәа рзы амашьына бжьалоит иахьарнахыс. Аҳҭнықалақьи ашьхақыҭеи реимадаразы ари аус шалыршахаз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ԥсҳәы ақыҭа ахада Даниил Зыхәба.
Зыхәба Ԥсҳәи Аҟәеи ареис абжьаҵаразы: акоммунистцәа рхаангьы уи аҩыза ыҟамызт

"Ари аус еиҿаҳкаар ҳҭахыижьҭеи акрааҵуан. Аҟәа арион анапхгареи аизареи рыхьӡала ашәҟәқәа шьҭаҳҵахьан, иҳацрааит, ҵыԥх аԥара ылырҩаахьан. Ашьха иныҟәо амашьына Урыстәылантә иааган, иҿыцӡам, аха ишахәҭоу еибыҭоуп ауаҩы дмыргәаҟкәа дцартә, даартә еиԥш", - иҳәеит Зыхәба.

Иара иажәақәа рыла, апассаџьыртә транспорт Аҟәеи Ԥсҳәи жәамш рахьынтә знык ибжьыслоит. Ахәԥса аӡәы изы 700 мааҭ артәоит. Амашьына Аҟәа аџьармыкьа аҟынтәи асааҭ 9 рзы иқәҵуеит, адырҩаҽны ақыҭа аҟынтәи ақалақь ахь иаауеит.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0