Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ даҭоуп

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы еиҿкаан 2020 шықәса мшаԥымзазы Адемографиеи арепатриациеи рминистрра ашьаҭала.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Асҭамыр Багаҭелиа Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩс даҭоуп.

Агәабзиарахьчареи атуризми рминистрцәа рхаҭыԥуаа аҭоуп

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ дшаҭоу атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Лаҵара 20 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭеилакы ахантәаҩыс Вадим Ҳаразиа деиҭеит.

Адемографиеи арепатриациеи рминистрра, зышьаҭала аилак шьақәгылаз, 2017 шықәса раахыс напхгара азиуан Беслан Дбар.

Аусбарҭа анапынҵақәа рыхәҭак ҿыц еиҿкаау Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра иадҵоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: