Агәабзиарахьчареи атуризми рминистрцәа рхаҭыԥуаа аҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание кабинета министров
Здание кабинета министров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥымзазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара аструктура ҿыц шьақәирӷәӷәеит, аминистррақәа рхыԥхьаӡара иацлеит, 12 рхаҭыԥан 14 ҟалеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб инапы аҵаиҩит Аминистрцәа реилазаара ақәҵара Агәабзиарахьчареи Атуризми рминистрцәа рхаҭыԥуааи, Ахамҩа иаҵәа аҳәынҭқарратә усбарҭеи, Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзуреи реиҳабацәа рхаҭыԥуааи раҭаразы. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Еидырҵаз, еиҭаркыз: Аԥсны аиҳабыра реилазаашьа ҿыц - Sputnik Аҧсны
Еидырҵаз, еиҭаркыз: Аԥсны аиҳабыра реилазаашьа ҿыц

Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩс деиҭаҭоуп 2018 шықәса раахыс ари амаҵура аанызкылоз Алхас Кәанџьариа. Абри амаҵурахьы дааиаанӡа иара 2014 шықәса инаркны Аҟәа, Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы ԥҟаҩыс аус иуан.

Атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩс даҭоуп Даҭо Қаџьаиа. 2016 шықәса раахыс иара аус иуан ареспубликатә политикатә партиа "Аԥсны акзаара" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс.

Анхамҩа иаҵәа аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп Камо Мелкумов, ари амаҵура ааникылоит 2016 шықәса раахыс. Иара абри аусбарҭаҿы убасгьы абнахылаԥшҩы хадас дыҟоуп.

Аҳәынҭқарратә ветеринартә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩс даҭоуп Мзиа Амҷба, ларгьы ари амаҵураҿы аус луеит 2016 шықәса раахыс.

Уаанӡатәи Аԥсны аминистрцәа реилазаара анапынҵақәа шьҭанаҵеит мшаԥы 24 рзы. Азакәан инақәыршәаны, Аминистрцәа реилазаара ҿыц шьақәыргылазароуп хымз ирылагӡаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0