Аԥснынтәи миллионк мааҭ аԥара алгара аԥырҟәҟәаауп

Аԥсны ауаҩԥсы аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аҿы даанкылан. Арентгентә шьақәгылала ишәыра агәаҭараан ирбеит миллионк мааҭ аԥара шҭаз.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа иаԥдырҟәҟәааит ашәҟәы иҭагаламыз миллионк мааҭ аҳәаа ахыгара. Абри атәы аанацҳауеит Шәача аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Ԥсоутәи аҳәааҿы даанкылоуп анаркотикқәа ииазгоз Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс

Аушьҭырҭа-ҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аҿы даанкылан 37-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ. Иара Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа дахысуан, убри аан аҳазалхратә декларациа хамырҭәаакәа.

Агәаҭараан идырбалеит хәба-хәба нызқь ицоз200 цыра ақьаад ԥара.

Азакәанԥҵара инақәыршәаны, аҩыратә декларациа ахарҭәаарада 10 нызқь доллар рҟынӡа аԥара зныкала атәыла алагалара, ма алгара ҟалоит, аха еиҳаны - мап. Абри иаҵанакуа аԥара ахаҵа изырхынҳәын. Егьи зегь имхын.

Ахҭыс аганахь ала аусҭҵаара хацыркуп. Ахаҵа ахараԥса идҵахоит адекларациа иаҵеимыркыз аԥара знык, ма ҩынтә рыла еиҳаны.

Аԥснынтәи миллионк мааҭ аԥара алгара аԥырҟәҟәаауп