АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа иаԥдырҟәҟәааит ашәҟәы иҭагаламыз миллионк мааҭ аҳәаа ахыгара. Абри атәы аанацҳауеит Шәача аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.
Аушьҭырҭа-ҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аҿы даанкылан 37-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ. Иара Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа дахысуан, убри аан аҳазалхратә декларациа хамырҭәаакәа.
Агәаҭараан идырбалеит хәба-хәба нызқь ицоз200 цыра ақьаад ԥара.
Азакәанԥҵара инақәыршәаны, аҩыратә декларациа ахарҭәаарада 10 нызқь доллар рҟынӡа аԥара зныкала атәыла алагалара, ма алгара ҟалоит, аха еиҳаны - мап. Абри иаҵанакуа аԥара ахаҵа изырхынҳәын. Егьи зегь имхын.
Ахҭыс аганахь ала аусҭҵаара хацыркуп. Ахаҵа ахараԥса идҵахоит адекларациа иаҵеимыркыз аԥара знык, ма ҩынтә рыла еиҳаны.
© Foto / пресс-служба Сочинской таможниАԥснынтәи миллионк мааҭ аԥара алгара аԥырҟәҟәаауп
![Аԥснынтәи миллионк мааҭ аԥара алгара аԥырҟәҟәаауп Аԥснынтәи миллионк мааҭ аԥара алгара аԥырҟәҟәаауп - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/07/09/1030503122_0:0:2600:1653_600x0_80_0_0_b995d5e6af687cc263e5c46c1ae7d110.jpg)
Аԥснынтәи миллионк мааҭ аԥара алгара аԥырҟәҟәаауп
© Foto / пресс-служба Сочинской таможни