Урыстәылатәи аԥшыхәцәеи Аԥсны аруааи "адиверсантцәа" ҭадырхеит

2020 шықәса ааԥынтәи арранаԥхьарала Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа ҿыц иааԥхьоу 500-ҩык рыцлеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 9— Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аԥшыхәратә архәҭақәа рыруаа арратә дәқәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Аҽазыҟаҵарақәа раан индырҵәеит ашьхараҟны зҽыҵәахны иҟаз "адиверсантцәа". Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Амотохысцәа "аӷа" иҽазыҟаҵаратә лагер еилаԥырыххааит

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ асолдаҭцәа  ашьхатә полигон Ҵабал ахь инеины аԥырҩы дызҭам аԥрыгала "аӷа" идиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа рмаршрутқәа ҭарыԥшыхәит.

Абри ашьҭахь аԥсуа аруааи дареи "адиверсантцәа" артиллериеи авиациеи рыцырхырааны иҭадырхеит.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа абнараҿи ашьхараҿи имҩаԥыргоз аԥшыхәратә ҵараан ҳаамҭа иақәшәо арратә хархәагақәа: аснаипертә винтовкақәа ВСС "Винторез", автоматқәа "Вал", аҽыхьчагақәа "Пермячка" уҳәа рхы иадырхәон.

Ҷыдала азхьаԥшра арҭон еиҭарго, ановигациатә системала еиқәыршәоу акомплекс "Стрелец", аԥырҩы дызҭам ахархәагатә системақәа  "Орлан", "Застава" и "Гранат" рхархәара.

Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит ашьхараҿ, абнара аҭыԥқәа, Амшын еиқәа аԥшаҳәа рҟны аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали рҿы.

Аҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргоит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аԥшыхәратә архәҭақәа рыруааа Аԥсны арбџьартә мчқәа рыруааи.

Иааидкыланы аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 3-нызқьҩык рҟынӡа аруааи 300 ак еиуеиԥшым арратә техникеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: