Атактикеи апрактикеи рымчыбжь: Аԥсны иҟоу ААО мҽхакыҭбаалатәи аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения соединения спецназначения ЮВО
Учения соединения спецназначения ЮВО - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мчыбжьыктәи аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп зықьҩык инарзынаԥшуа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭоуп 200 ак арратә техника – БТР-82А, атанкқәа Т-72Б3 назлоу.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа ҩ-ганктәи абатальонтә-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ашьхараҭыԥқәеи Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿи ҳәа аанацҳауеит арратә округ апресс-маҵзура.

Аруаа  атехникала  ҩышә-километратәи амаршқәа мҩаԥыргоит.

Впервые медики ЮВО в Абхазии применили практику борьбы с коронавирусом в полевых условиях - Sputnik Аҧсны
ААО амедусзуҩцәа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Аҽазыҟаҵарақәа ирхысуеит аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали рҟны Аԥсны Арбџьармчқәеи дареи реиныррала. Абатальон-тактикатә гәыԥқәа  афлоти авиациеи рыдгыларала "аибашьра" мҩаԥыргоит.

"Иара убасгьы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит амшын ԥшаҳәаҿы. Амотохысцәеи аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәеи, аԥшыхәцәеи, артиллеристцәеи, азенитчикцәеи  имҩаԥыргараны иҟоуп ажәыларақәеи аҽыхьчарақәеи ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Абатальон-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа хыркәшахоит ахысрақәа рыла. Аруаа ҳаамҭазтәи атехника ахархәарала "аӷа" ицәҟьарақәа ҭадырхоит.

Мчыбжьыктәи аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп зықьҩык инарзынаԥшуа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭоуп 200 ак арратә техника – БТР-82А, атанкқәа Т-72Б3 назлоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0