Аԥсны даҽа жәаҩык акоронавирус азы игәарҭеит

Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адунеи аҿы 12 миллионҩык инареиҳаны COVID-19 рыхьхьеит, ргәы бзиахахьеит 6 миллионки 700 нызқьҩык инареиҳаны, рыԥсҭазаара иалҵит 550 нызқьҩык раҟара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны даҽа 10-ҩык гәарҭеит акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу аилкааразы, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус рылоу ирыламу аҭҵааразы рбиоматериал рымхын 10-ҩык атәылауаа, урҭ рахьтә адиагноз COVID-19 аӡәгьы изықәыргылам", - аҳәоит адырраҭара.

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зынӡа 38-ҩык ирыдбалоуп. Ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, 35-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>