Аинтеллектуалтә еицлабра "Своя игра" мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа

Аинтеллектуалтә еицлабра "Своя игра" рхы аладырхәыр ҟалоит қәрала еиуеиԥшым ауаа, зынӡа ихәмаруеит 27-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik, Алиса Адлеиба. Есышықәса имҩаԥысуа аицлабра "Своя игра" - "АЙqbОК.LeTo2020" мҩаԥысуеит Аҟәа ԥхынгәы 18 рзы, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аинтеллектуал-ҟазаратә клуб "Дюна" ахада Асиа Саносиан.

Аицлабра изҭаху зегьы рхы аладырхәыр рылшоит. Иахьазы арзаҳалқәа аларҵахьеит 20-ҩык инарзынаԥшуа.

"Ҳара қәрала аӡәгьы деилаҳхӡом. Изҭаху зегьы рҽаладырхәыр ҟалоит. Арзаҳалқәа алазҵаз рахьтә 27-ҩык алҳаԥшаауеит, урҭ нас аицлабра ахәҭа хадахьы инеиуеит. Урҭ хҩы-хҩыла еихаҳшоит. Акы ажәбатәи ахәҭа ианыхәмарлак, урҭ рахьтә иаиааиз аӡәаӡәа акы ахԥатәи ахәҭахьы ииасуеит, уантәи афинал ахь инеиуеит. Афинал аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа хԥа рзы ихәмаруеит", - Sputnik иазеиҭалҳәеит Асиа Саносиан.

Лара иара убас иазгәалҭеит ари асезон аҿы азҵаарақәа равторцәа Гәдиса Мамацеви Манвен Депилиани шракәу.

Аԥсны аинтеллектуалтә хәмаррақәа еиҿкааны иҟоижьҭеи 10 шықәса ҵуеит. Раԥхьа излалагаз ахәмарра "Иарбан? Ианба? Иаба?" ("Что? Где? Когда?") ауп. Шықәсқәак рышьҭахь ицәырҵит "Брейн-ринг", хышықәса раԥхьа - атурнир "АЙqbОК".

"Ҳара ауаа идҳарбар ҳҭахуп рыԥсшьара аамҭа интеллектуалла имҩаԥыргаларгьы шауа", - лҳәеит Саносиан.

Атурнир мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак ацхыраарала.

Аиулабра ҟалоит ԥхынгәы 18 рзы Аҟәа ақалақь, Калмыков имҩа, 2.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: