Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габлиа ахәмарра "Иарбан?Иаба?Ианба?" иазкны: уамҽханакуеит

© Фото : Facebook/Инал ГаблиаИнал Габлиа
Инал Габлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва жәабранмза 18 рзы имҩаԥысит  аинтелектуалтә клуб "Иарбан?Иаба?Ианба?" 2019-тәи асезон раԥхьатәи ахәмарра. Иара еиҿыркааит Москва иҟоу аԥсуа диаспора.  Ахәмарра алахәыла Инал Габлиа Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит уи шымҩаԥысыз атәы.
Габлиа ахәмарра "Иарбан?Иаба?Ианба?" иазкны: уамҽханакуеит

"Ахәмарра даара исгәаԥхеит, азҵаарақәа Аԥсны иазкын, ҳҭоурых иазкын. Иара уамҽханакуеит, ҳаиааиндаз, азҵаарақәа рҭак иаҳа ирацәаны иҟаҳҵандаз ҳәа ҳҽазаҳшәон. Атемақәа рацәоуп, акино, агеографиа, аҭоурых, иҳақәшәеит азҵаара "алабашьа" иазкыз, аиҳабы уи шԥаныҟәиго ҳәа. Атемақәа беиоуп, ахәмарра иунарҵо рацәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Габлиа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0