Аслан Бжьаниа Аԥсны Апарламент ахь аиҭалхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит

Аԥсны Апарламент ахь аиҭалхрақәа шьақәгылеит ауаа рааишьа инақәыршәаны, асааҭ 18:00 рызтәи Алхратә комиссиа хада иаанацҳаз адыррақәа рыла. Алхратә ҭыԥқәа адыркуеит асааҭ 20:00 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Апарламент ахь аиҭалхрақәа рҿы абжьыҭара иҽалаирхәит амҽыша, ԥхынгәы 12 рзы ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аслан Бжьаниа ибжьы аиҭеит дахьҭаҩу аҭыӡҭыԥ ала, Тамшь ақыҭан иҟоу алхратә ҭыԥ аҿы.

Абжьыҭара хыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы. Раԥхьатәи алҵшәақәа еилкаахоит алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа Алхратә комиссиа хадахьы аԥкаанҵақәа аннаргалак ашьҭахь.

Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа шьақәгылеит ауаа рааишьала уахәаԥшуазар

Азакәан ишаҳәо ала, алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа алҵшәақәа ҩымш ирҭагӡаны реихшьаларазы азин рымоуп. Заанаҵтәи алҵшәақәа анрыларҳәалак ашьҭахь, абжьыҭара шымҩаԥысыз азы ашшыԥхьыӡқәа ҟалар, АКХ ҽнак ахи аҵыхәеи рыла урҭ рыднакылоит.

Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада № 10 ала Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Ҭамаз Леибеи Ҭемыр Беиеи; Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 ала Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Робесҭан Габлиеи Алмасхан Барцыци; Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 ала - Асҭамыр Ахбеи Алхас Ҳагбеи; Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 ала - Аидар Кәыҵниа, Гарри Кокаиа, Џьансыхә Адлеиба.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа рахь.