00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа иамшныҳәоуп иахьа
18:17
26 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Взаимный интерес
Участие Абхазии в Международной школе "Новые имена"
18:49
26 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа шьақәгылеит ауаа рааишьала уахәаԥшуазар

© SputnikЦИК
ЦИК - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡоуп зыбжьы азҭо атәылауаа рахьтә 25% инареиҳаны абжьыҭара рхы аладырхәызар.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Асааҭ 18:00 рызтәи Аԥсны АКХ адыррақәа рыла, Апарламент ахь алхрақәа ахьымҩаԥысуаз алхратә ҭыԥ хадақәа рыԥшьбагьы рҟны ауаа рааишьа иаҿырԥшны ишьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡатәуп.

  • Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хадаҟны ауаа рааишьа иартәоит 36,25%;
  • Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хадаҟны - 32,67%;
  • Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хадаҟны - 37,33%;
  • Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хадаҟны - 47,14%.

Абжьыҭара хыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы. Раԥхьатәи алҵшәақәа еилкаахоит алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа Алхратә комиссиа хадахьы аԥкаанҵақәа аннаргалак ашьҭахь.

Азакәан ишаҳәо ала, алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа алҵшәақәа ҩымш ирҭагӡаны реихшьаларазы азин рымоуп. Заанаҵтәи алҵшәақәа анрыларҳәалак ашьҭахь, абжьыҭара шымҩаԥысыз азы ашшыԥхьыӡқәа ҟалар, АКХ ҽнак ахи аҵыхәеи рыла урҭ рыднакылоит.

Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада № 10 ала Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Ҭамаз Леибеи Ҭемыр Беиеи; Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 ала Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Робесҭан Габлиеи Алмасхан Барцыци; Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 ала - Асҭамыр Ахбеи Алхас Ҳагбеи; Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 ала - Аидар Кәыҵниа, Гарри Кокаиа, Џьансыхә Адлеиба.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа рахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0