Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 6 422-ҩык акоронавирус рыдбалоуп

Иахьатәи аамҭа инақәыршәаны Урыстәылатәи арегионқәа 85 рҿы 746 369-ҩык акоронавирустә инфекциа рыдырбалахьеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 6 422 -ҩык авирус рыдбалоуп арегионқәа 85 рҿы ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперштаб.

Авирус зыдбалаз рҟынтәи 26,6% аклиникатә ҟазшьақәа рныԥшуамызт.

Уахыки-ҽнаки рыла рыԥсҭазаара иалҵит 156-ҩык, ргәы бзиахеит 10 424-ҩык.

Зынӡа атәылаҿы COVID-19 иахҟьаны 11 770 ԥсыҭбара азгәаҭоуп, 523 249-ҩык ргәы бзиахахьеит.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аштаб адыррала, ареспубликаҿ 38 чымазара хҭыс ыҟан, урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Иахьазы Аԥсны акоронавирустә инфекциа змоу ҳәа уаҩ дыҟам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: