АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 6 422 -ҩык авирус рыдбалоуп арегионқәа 85 рҿы ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперштаб.
Авирус зыдбалаз рҟынтәи 26,6% аклиникатә ҟазшьақәа рныԥшуамызт.
Уахыки-ҽнаки рыла рыԥсҭазаара иалҵит 156-ҩык, ргәы бзиахеит 10 424-ҩык.
Зынӡа атәылаҿы COVID-19 иахҟьаны 11 770 ԥсыҭбара азгәаҭоуп, 523 249-ҩык ргәы бзиахахьеит.
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аштаб адыррала, ареспубликаҿ 38 чымазара хҭыс ыҟан, урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Иахьазы Аԥсны акоронавирустә инфекциа змоу ҳәа уаҩ дыҟам.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа илрыҩааит COVID-19 аҟынтә зҽызхәышәтәыз аҩыџьа