Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рҳаиртә еимадара хацдыркуеит

Ҭырқәтәылатәи АИХқәа рҟны ицәыргоуп Ҭырқәтәыла атранспорт аминистр Адил Караисмаилоӷлу иҟынтәи ихыҵхырҭоу аинформациа аҳауатә еимадара ԥхынгәы 15 инаркны ишхацыркхо азы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рҳаиртә еимадара хацдыркырц азы еилацәажәеит, аха макьаназы арыцхә еилкаам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Ҭырқәтәыла атранспорт аминистрраҟынтә ахыҵхырҭа шьаҭас иганы.

"Иахьа ҳминистр аҳәамҭа ҟаиҵеит атәылақәа рыҩба рҳауатә ҵакыра аартра ишақәшаҳаҭхаз, аха макьаназы арыцхә шьақәыргылам, аимадара анхацыркхогьы еилкаам", - ҳәа иҳәеит амаҵзура иацәажәоз ахаҿы.

Урыстәыла акоронавирустә пандемиа инадҳәаланы хәажәкыра 27 раахыс аҳауатә еимадара ԥнакит. Ззин ыҟаз аидаратә, аԥошьҭатә, асанитартә, агуманитартә реисқәа ракәын, иара убасгьы аиҳабыра рзин ҷыдала иалшон атехникатә маҵзуразы, иҭацәу аҳаирпланқәа рырԥырреи атранзит реисқәа рымҩаԥгареи рзы.

Урыстәылатәи атуристцәа рыдкылара иазыхиоу атәылақәа рыхьӡ ҳәоуп

Урыстәыла ԥхынгәы 15 инаркны иаԥыхуп ихымԥадатәиу ҩымчыбжьатәи акарантин атәылахь иалало рзы.

Уаанӡа Роспотребнадзор ажәалагала ҟанаҵахьан аҳаиртә еимадара шьақәыргылазарц: Германиа, Италиа, Великобританиа, Польша, Даниа, Финлиандиа, Венгриа, Нидерланды, Норвегиа, Китаи, ШриЛанка, Вьетнам, Монголиа рахь.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова аҳәамҭа ҟалҵеит аҳаиртә еимадара ахацыркразы аҭагылазаашьа иахәаԥштәуп, 100000-ҩык ауааԥсыра рыбжьара 40 вирус хҭыс еиҳамкәа аҭыԥ амазароуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: