Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысразы иҟоу аԥкрақәа ирыциҵеит ԥхынгәы 21 рҟынӡа

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада аҳәааҿы аԥкрақәа рыҿҳәара анахаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб иаднакылаз аӡбамҭа инақәыршәаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысразы иҟоу аԥкрақәа ирыциҵеит ԥхынгәы 21 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп аԥсуа ган аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысразы иҟоу аԥкрақәа раԥыхра алзыршо ажәалагалақәа шышьақәнаргылаз.

Урыстәыла аиҳабыра рхада Михаил Мишустин ихьӡала ашәҟәы нашьҭуп Аԥсны аҳәааҟны аԥкрақәа рахыхра шрылшо, иахәҭоу асанитар-епидемиологиатә усмҩаԥгатәқәа ирықәныҟәозар.

Начало курортного сезона в Крыму - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи атуристцәа рыдкылара иазыхиоу атәылақәа рыхьӡ ҳәоуп

Уажәазы аҩганк реиҳабырақәа рхаҭарнакцәа злахәу аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит аҳәааҟны аԥкрақәа раԥыхра алзыршо еицырзеиԥшу аӡбамҭа рыдыркыларц азы.

Ԥхынгәы 3 рзы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит аҳәаа аартра аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ишадҳәалахо, Аԥсны аҳәаа аартра ишазыхиоу, аха атәылақәа рыҩба аамҭак ала рус еиқәдыршәар шакәу.

Урыстәыла ԥхынгәы 15 инаркны иаԥыхуп ихымԥадатәиу ҩымчыбжьатәи акарантин атәылахь иалало рзы.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аштаб адыррала, ареспубликаҿ 38 чымазара хҭыс ыҟан, урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны акоронавирустә инфекциа зыхьуа ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0