АУН "Амшынеиқәафымцамч" анапхгаҩ ҿыц даҭоуп

2014 абҵарамза инаркны аҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабыс дыҟан Аслан Басариа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лыдҵала АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хадас дҟаҵоуп Михаил Логәуа.

"Амшынеиқәафымцамч" альготақәа змоу ҿыц реиҭаҭаҩра мҩаԥнагоит

Михаил Логәуа диит ԥхынгәы 27, 1970 шықәсазы Аҟәа. 1987 шықәсазы далгеит Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ.

1995 шықәсазы далгеит Москватәи аҳәынҭқарратә автомобилтә-мҩатә институт "амҩангарақәа реиҿкаареи атранспорт аҟны анапхгареи" азанааҭ ала. 2012 шықәсазы далгеит РАНХиГС "аполитологиа" азанааҭ ала.

1995 шықәса инаркны 1997 шықәсанӡа аус иуан Москва акоммерциатә наплкақәа рҟны. 1997 шықәса инаркны 2003 шықәсанӡа аус иуан Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аппарат аҟны, административтәи азинхьчаратәи усбарҭақәа рыҟәша ареферентс, аекономика аҟәша ареферент еиҳабыс, аекономика аҟәша аиҳабыс.

2003 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа аус иуан Гәылрыԥшь араион ахадара афинанстә-економикатә ҟәша  аиҳабыс, 2004-2005 шықәсқәа рзы – Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩс. 2005 шықәса рзы – араион ахадас.

2011 шықәса инаркны 2013 шықәсанӡа атәыла ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2014-2017 шықәсқәа рзы Москва акоммерциатә структурақәа рҿы аус иуан.

2017 шықәса инаркны иахьанӡа – С.У. Багаԥшь ихьӡ зху афонд аиҳабы.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993шш.) далахәын, "Агәымшәаразы" амедал ианашьоуп.

1993 ԥхынҷкәынмзазы Афымцатә цәаҳәақәа русбарҭа иалхын Аԥсны аенергетика аминистрра.

1995 жәабранмзазы Аенергетика аминистрра ашьаҭала иаԥҵан аҳәынҭқарратә наплакы "Абхазэнерго", уи напхгара аиҭеит аенергетика аминистрс иҟаз Хәыта Џьынџьолиа. Иара уи ашықәсан, рашәарамзазы аҳәынҭнаплакы "Абхазэнерго" ахьӡ еиҭакын иарку Аҳәынҭқарратә акционертә еилазаара "Амшынеиқәафымцамч" ҳәа.