"Амшынеиқәафымцамч" альготақәа змоу ҿыц реиҭаҭаҩра мҩаԥнагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛинии электропередач
Линии электропередач  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 21 2019 шықәса иинаркны альготақәа аанкылахоит дара зықәнаго абонентцәа еиҭаҭарҩаанӡа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik, Бадри Есиава. АУН "Амшынеиқәафымцамч" альготақәа змоу ҿыц реиҭаҭаҩра мҩаԥнагоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Афымцаҭира" аиҳабы Инал Лазба.

"Альготақәа зықәнаго реиҭаҭаҩра шықәсқәак рахь знык акәзаргьы имҩаԥгалатәуп. Иаҳҳәап, Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи рветеранцәа рзы. Шықәсык ахь знык акәзаргьы еиҭаҭаҩлатәуп аҳазалхра, апрокуратура, ААР русзуҩцәа", - ҳәа иҳәоит Лазба.

Иара иазгәеиҭеит "Амшынеиқәафымцамч" акраамҭа шыҵуа альгота зықәнаго реиҭаҭаҩра мҩаԥнамгеижьҭеи, абри аамҭала зҽеиҭазкыз шырацәо.

Аҟәатәи "Афымцаҭира" аҟны ашәҟәы иҭаҩуп 2500-ҩык Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа.

Энергетические объекты. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Атәыла Ахада афымцалашара апроблема ӡбатәуп иҳәеит

"Раԥхьа иргыланы ҳара иҳауеит адырра иҟоу шыҟоу абаразы. Уи иалнаршоит альготатә тариф акомпенсациа иашала азура", - иҳәоит Лазба.

"Афымцаҭира" адиректор иазгәеиҭеит абарҭқәа зегьы аиҳабыра рахьгьы ажәалагалақәа рыҟаҵара шалнаршо. Иаҳҳәап Аминистрцәа реилазаарахь инагахо ажәадгалақәа I агәыԥ иатәу аинвалидцәеи ахшарарацәа змоу аҭаацәарақәеи рзы хра рыманы иҟалоит.

"Альготатә тарифқәа аԥсахрақәа акрааҵуеит ирылагаламижьҭеи. Дара анрыдыркылаз аахыс рҽырыԥсаххьеит аусуратә ҭагылазаашьақәа. I агәыԥ иатәу аинвалидцәеи ахшарарацәа змоу аҭаацәарақәеи альготақәа акыр ирыхәарҭахоит", - ҳәа иҳәоит Лазба.

Ажьырныҳәа 21 2019 шықәса иинаркны альготақәа аанкылахоит дара зықәнаго абонентцәа еиҭаҭарҩаанӡа. Аиҭаҽҭаҩразы иаҭаххоит аинвалидразы аршаҳаҭгеи аусураҟынтәи аршаҳаҭгеи. Иаԥҵахоит иаку абаза ҳәа иҳәоит Инал Лазба.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0